Loading...
Larger font
Smaller font
Copy
Print
Contents
  • Results
  • Related
  • Featured
No results found for: "".
  • Weighted Relevancy
  • Content Sequence
  • Relevancy
  • Earliest First
  • Latest First
    Larger font
    Smaller font
    Copy
    Print
    Contents

    Аxaра азхаҵара

    Зыцәгьоурақәа зҵәахуа изыҟалаӡом ақәҿиара иоуа, дара иазхазҵаз, иаанзыжьыз, игәнаҳа иҟалоит ихыхра. (Ажәабыжь. 28:13).Kиa 37.1

    Анцәа улԥха ҳаҭ! Иманшәалоу, ахшыҩ зцу, ииашоу аԥҟарақәа рыла иҟалар алшоит уи аиура! Ҳазшаз азыҳәара ҟаиҵаӡом ҳара ҳҽыхрала ҳагәнаҳақәа иҟаларц ҳанажьра. Ҳара Анцәа ихьӡала ҳзыркаро ахара ныҟәарақәа иҟаҳамҵар ҟамло иҟаӡам, мамзаргьы ҳцәеи-ҳжьи рҟәаҟәара Хыхь иҟоу илԥха аиуразы, ҳзакәандарақәа ҳанажьразы. Зыгәнаҳарақәа азхаҵаны иаанзыжьуа, убри иоуп лыԥха зауа.Kиa 37.2

    Ацҳаражәҳәаҩ иҳәоит: «аӡәи-аӡәи шәҿаԥхьақәа шәаагыланы иазхашәҵа шәшьақәҟьарақәа, аӡәи-аӡәи шәеибаныҳәала шәеиқәхарц азы». (Иак. 5:16). Анцәа иҿаԥхьа иҟашәҵаз агәнаҳарақәа азхашәҵа, избанзар, Иара аӡә заҵәык иоуп урҭ зылшо шәанажьра, шәхымҩаԥгашьа ашьақәҟьарақәа ртәы, аӡәи-аӡәи еибыҳәо, иазхашәҵа. Шәара шәҩаыза, ма шәгәыла игәы ншәырхазар, шәара шәышиашамыз атәы шәуалуп аҳәара, дара гәык-ԥсыкала ируалуп уи шәара ишәанажьра. Уи ашьҭахь, шәара Анцәа шәиҳәароуп ишәанаижьырц азы, избан акәзар згәы ншәырхаз шәашьа - Анцәа иԥа иоуп, ахьаа ишәҭаз ала иара Дзыхшази Аҿыхҩи рҿаԥхьа шәара иҟашәҵеит агәнаҳа.Kиa 37.3

    Абарҭқәа зегьы шәара иашәҳәароуп абжьацәажәаҩ иаша заҵәы, ҳара Ҳарккаҩ дуӡӡа, «Ҳара ҳамчыдарақәа изылшо ҳацеиҩшара». (Евр. 4:15), иарбанзаалакь иаҳну ашәытарақәеи, ацқьамрақәеи рыҟнытә изылшо ҳацқьаӡа ҳаҟаҵара.Kиa 38.1

    Анцәа иҿаԥхьа зхара азхазымҵаз, ираҳаҭымхаз, Анцәа идикыларц азы ихадараз ирзынамыгӡаӡеит аԥҟара. Иҟаҳҵаз ахаразхаҵара ԥыҭрак ашьҭахь иаҳҭаххозар ахьхәра, гәыраҳаҭлеи, ԥсы еиҟәыҷҷарылеи ҳазҵаз агәнаҳарақәа ртәы ишыҟаҵәҟьаз ала Анцәа иҿаԥхьа иҳалымшазар аартра, ҳзакәандарақәа рцәымӷхара ҳамкызар, ҳара иашала иҳазанижьырцаз, ҳара макьана иҳалымшаӡацт ауп ҳагәнаҳақәа ҳанаижьратәы аҭагылазаашьа аԥҵара. Урҭ ҟамҵакәа ҳара Анцәа иҳаиҭо агәҭынчра ҳалшаӡом амазаара. Иҟаҳҵахьоу агәнаҳарақәа иаанхоит иҳанамыжьӡакәа абри аҭагылазаашьа заҵәы иахҟьаны: ҳара агәаҳәара ҳамаӡам ҳгәы раҳаҭӡа аҟаҵаразы, Анцәа Иажәаҿы иҳәоу аԥҟарақәа рынагӡара, Агәнаҳа ауаа рыгәҭоума, ма Анцәа имацара иҿаԥхьа аума, иахьыҟазаалакгьы, азхаҵара - ихадароу, уи гәык-ԥсыкала, гәы ҭыӷьӷьаала аҟаҵара ауп. Мчыла уи арҟаҵара шыҟамло еиԥш иҟалаӡом аԥхьыжәҳәа, мхәыцрада, ахатәы иашамра азхаҵарагьы. Ауаҩы агәнаҳаҟаҵара шаҟа ииашам изеилымкаауазар, иҟалаӡом аиаша азԥхьагәаҭа ҳәа идцалара. Агәы аҵанӡа иаауа ауазҳәара ауп амшреи, агәырҩaцеиҩшареи рыла иҭәу Анцәа идикылара алзыршо. Аԥсалмаҳәаҩы иҳәоит: «Ҳазшаз дырзааигәаӡоуп згәы ҭаԥҽыз, еиқәирхоит згәы раҳаҭхаз». (Аԥс. 33:19).Kиa 38.2

    Иашарыла зазхаҵара ҟалаз агәнаҳа, еснагь излaлкаахо ахатәы конкреттә ҟазшьа аныԥшуа иҟaлоит. Гәнаҳарақәак иҟалоит Анцәа заҵәык иҿaԥхьа раартра; егьырҭ разхаҵара ҟалароуп дара pымшала агәырҩа зхызгаз рҿаԥхьа; аилазаара зегьы иpзырхазар ҟалон егьырҭ ахԥатәиқәа, убри аҟнытә зегьы рҿаԥхьа иҟалароуп ахара азхаҵара. Иарбанзаалакь ахаразхаҵара, иара агәаҭа иадҳәалазароуп, аконкреттә ҟазшьа амазар ауп. Шәара шәхарала иҟалаз агәнаҳақәа ауп ишәуалу рызхаҵара.Kиa 39.1

    Самуил имшқәа раан израилаа Анцәа ицәхьаҵит, ари иҟарҵаз агәнаҳазы акыр гәырҩа иақәшәеит. Анцәа дара рахь имаз агәрагареи, иара убасгьы Иара иҟәышреи, имчреи шракәу дара напхгара рызҭо ҳәа ирымаз аилкаарагьы. Дара ирцәыӡит Иара Иус анагӡареи ахьчареи шилшо рзы ирымаз агәрагара. Дара Адунеи зегьы Анапхгаҩы дуӡӡа ицәхьаҵит, егьырҭ ажәларқәа ирымаз аҳәынҭқарратә еиҿкаарақәа еиԥшу аҳәынҭқарра амазааразы агәаҳәара роуит. Агәҭынчра роуаанӡа, дара еилыкка, хықәкыла, иазхарҵеит рхатәы хара: «Ҳара ҳазҵоу агәнаҳақәа, аҳ даҳҭахуп анаҳҳәа нахыс, ирыцаҳҵеит даҽа гәнаҳарак». (1 Цар. 12:19). Дара ируалын рыламыс хықәкыла иалнакааз агәнаҳа ахаразхаҵара. Абзиара пату ахьырзақәымҵаз агәҭыха рнаҭон, Анцәеи дареи еиҟәнашон.Kиa 39.2

    Гәыҭыӷьӷьаала иҟамлаз ахатәы гәнаҳа ахаразхаҵара, ариашара Анцәа изалшаӡом идкылара. Аԥсҭазаараҿы иҟалароуп аиҭакразы агәаӷьрақәа: Анцәа изы хьымӡӷра зцу зегьы иҟалароуп раԥыхра. Абас иҟоуп агәнаҳа азхаҵара иашаҵәҟьа агәаҭа. Ҳара еилыкка иҳҳәоуп ԥхьаҟа иаҳзыԥшу атәы: «Шәҽышәыӡәӡәа, шәҽышәрыцқьа; Сыбла иаԥырыжәга шәыцәгьа ҟаҵарақәа; шәаҟәыҵ ацәгьа аҟаҵара; абзиа ишәҵа аҟаҵашьа; шәашьҭаз аиаша; ахәура иҭоу деиқәшәырха; аиба дшәыхьча; аԥҳәысеиба лзы шәгыл». (Ис. 1:16,17). «Ари аԥҟараеилагаҩы ирхынҳәыр иқәҵа, ииӷьычыз рыхәԥса ишәар, аԥсҭазаара аԥҟара дықәныҟәо иҿынеихар, цәгьара злоу ак аҟаҵара даҟәыҵыр, усҟан уи иԥсы нхоит, дыԥсӡом”. (Иез. 33:15).Kиa 39.3

    Ацҳаражәҳәаҩ Павел абас иҩуеит ахаразхаҵара иаша алҵшәазы: «Анцәа изы шәара ишәныԥшыз алахьеиқәра, ижәбома шәара шәахь иҟанаҵаз анырра, ишәзаанагаз аԥсахрақәа, ахара зду иахь ишәызцәырҵыз ақәгәамҵрақәа, ашәарақәа, агәаҳәарақәа, ахыбаара, иарбан хықәгәамҵрақәоу! Зегьы рыла шәара иаашәырԥшит ари аус аҿы ацқьара». (2 Кор. 7:11).Kиa 40.1

    Агәнаҳа ауаҩышәара ахәаеуеит, убри азы ауп агәнаҳаҟаҵаҩ иҟазшьа аԥсыҽрақәа зимбо, иҟаиҵаз ацәгьарақәа ахлымӡаахра иацу зизеилымкаауа. Аԥсыцқьа игәрахаҵаратә мчы даҵамгылар, иԥсы ҭанаҵы иҟаиҵаз агәнаҳа закәу дыҟаӡам изеилкааран. Иара ихаразхаҵарақәа игәаҟнытә ицо, акраҵанакуа изыҟалаӡом. Игәнаҳаҟаҵара дақәызкыз иҟарҵо ақәыӷәӷәарала ихара азхаҵо, уи еснагь ихы ариашара иҽазишәалоит, аҭагылазаашьахь ҳхьарԥшуа.Kиa 40.2

    Евеи Адами цәгьа ишәон, иԥхашьон, зыфара иақәиҭымыз ашәыр агьама анырба ашьҭахь. Pаԥхьаӡа дара зызхәыцыз, иҟарҵаз агәнаҳазы хыриашашьас ирымоуи, аԥсра ахацәгашьеи ракәын. Ҳазшаз иҟарҵаз агәнаҳаз данразҵаа, Адам иҟаиҵаз аҭак аҿы иҟаҵаз агәнаҳазы ахара рыдҵан Анцәеи Евеи: «Уара сара ԥҳәысс исуҭаз, аҵәа ҿыхны исылҭон, сара уи сфон”. Иԥҳәыс, лара лганахь ала, амаҭ ахара адҵо, абас лҳәеит: «Амаҭ сара сыхнахит, нас исфеит сара”. (Аҟазаара. 3:12,13). Избан Уара изушаз амаҭ? Избан Уара иара дызҭоуҵа Едемтәи абаҳча? Арҭ азҵаарақәа лара илҳәараны иҟаз аҭак рхала иҟарҵо иазхәыцын, урҭ уи Анцәа идырҵон дара аҵанӡа рлеиразы аҭакԥхықәра.Kиa 40.3

    Ахалахыриашара ҟалеит амц зхылҵыз (аб) илa, ахы цәырнагеит Адам иҷкәынцәа зегьы рҿы, иapа убаc иӡӷабцәа рыҿгьы. Ари иаҩызоу aхазхаҵарақәа Анцәа Идоуҳа алԥха рымаӡам, eгьзалшаӡом Анцәа идкылара. Ахатәы ахара aзхаҵара зылшаз ауаҩы ихахьы игоит иҟаиҵахьаз агәнаҳақәа ирыцу аҭакԥхықәрақәа зегьы, ихара азхеиҵоит гәыҩбарада, гызмалрада. Зыблақәа ажәҩан аҵарԥшра ззымгәаӷьыз агәаҭаҩ рыцҳа иеиԥш абас дныҳәалоит: «Анцәа! Улԥха сыҭ сара, агәнаҳаҟаҵаҩы». Зхара азхазҵо зегьы рхара ранажьхоит, избан акәзар Иаса ишьеи, Иара ихәдықәҵареи уи ус иалшаратәы иҟарҵоит.Kиa 41.1

    Анцәа иажәаҿы иаагоуп ахаразхаҵара иашеи, араҳаҭхареи рзы аҿырԥштәқәа. Абиблиаҿы ахырқьиареи ахыриашареи иаламгаӡакәа иҟарҵаз агәнаҳа атәы аартны изҳәаз ауаа рыӡбахә аҳәоит. Ацҳаражәҳәаҩ Павел иҟаиҵахьаз агәнаҳа аҵәахра даламгаӡеит. Иара уи ишыҟаҵәҟьаз, ихара аиҵтәра иҽазымшәаӡакәа, ицәырган аӡбахә иҳәеит. Иара иҳәоит: «Раԥхьаӡатәи аԥшьаҩцәа аӡәырҩы абахҭа иҭаскит, дара рышьразгьы сара сажәа рысҭеит; асинагогақәа зегьы рыҟны сара акырынтә урҭ сыргәаҟхьан, Иаса изы ацәгьа дсырҳәахьан, акырӡа ихарҟьаны срышьҭаланы срыхьӡон дара атәым қалақьқәа рҟынгьы». (Амҩаԥшрақәа. 26:10,11). «Иаса Қьырса дааит ари адунеи ахь агәнаҳаҟаҵаҩцәа еиқәирхарц азы, сара урҭ зегьы раԥхьа игылоу соуп». (1 Тим. 1:15).Kиa 41.2

    Ираҳаҭхаз, игәылаԥҽыз, ахы ахаразхаҵара иашаҵәҟьа азура зылшаз агәы иалшоит Анцәа ибзиабара, маҷк адамхаргьы, аиура, азааигәахара, иара убас Голгофа иҟаҵаз ахара ахахьы агарагьы. Аҵеи ихымҩаԥгашьа бааԥсқәа иаб иҿаԥхьа ишааиртуа еиԥш, агәнаҳаҟаҵаҩ Анцәа иҿаԥхьа, гәыҭыӷьӷьаала зхара азхазҵаз, изакәандарақәа ааиртуеит. «Ҳара иҟаҳҵо агәнаҳақәа иаарты иҳалшар Анцәа иаҳәара, - ҳәа аҳәоит Абиблиа, - усҟан Иара, ииашоу, ахаҵара злоу, ҳара ҳагәнаҳақәа ҳанаижьуеит, иарбанызаалакь аиашамра аҟнытәгьы ҳaцқьаӡа ҳҟаиҵоит”. (1 Ин. 1:9).Kиa 41.3

    Larger font
    Smaller font
    Copy
    Print
    Contents