Loading...
Larger font
Smaller font
Copy
Print
Contents
  • Results
  • Related
  • Featured
No results found for: "".
  • Weighted Relevancy
  • Content Sequence
  • Relevancy
  • Earliest First
  • Latest First
    Larger font
    Smaller font
    Copy
    Print
    Contents

    Адинxаҵареи иара азнеиреи

    Аԥсыцқьа шәыламыс анарҿыхалакь, шәара ижәбо шәалагоит агәнаҳaҟаҵара ишҭанархо, иара аԥхасҭатәратә мчра, шәцәа ианыруа шәалагоит ахара акомплекс. Агәнаҳа иаанаго агәырҩа жәбо шәаналагалакь, шәара уи цәымӷхарыла шәахәаԥшуа шәалагоит, шәагьазааиуеит иара шакәу Анцәеи шәареи шәеиҟәызгаз, ахәура шәҭазҵаз аилкаара. Шәара уи заҟа шәаҿагыланы шәықәԥо аҟара, еиҳа еилкаа ижәбо шәалагоит шәымчыдара, ҩнуҵаҟалатәи шәыԥхасҭара, шәыҟьашьра (шәыцқьамра). Еилышәкаауеит шәгәаҭаҿы рҽырӷәӷәаны ишыҟоу ахамхабзиабареи, агәнаҳaи. Шәазгәышьуа шәалагоит аҭамҵара, ацқьара, ахақәиҭра. Знеишьас ишәымоузеи нас шәара Анцәа иқәшаҳaҭрахь, Иара еиԥшны аҟалара?Kиa 49.1

    Ҩнуҵаҟалатәи агәҭынчра — абри ауп шәара ишәҭаху. Анцәа иҟнытә аҭамҵара, агәаҿы абзиабара. Аԥара аума, агәырҵҟәыл аума, иарбан дырразаалакгьы, уи аҩыза агәҭынчра аԥшәымара шәоуратәы шәырзыҟаҵаӡом. Ахатәы лшарақәа рыла уи умазааратәы аҟаҵара хшыҩдароуп. Анцәа ус баша «хәыда-ԥсада, раӡныда-ԥарада» ус шәара ишәыдигалоит. (Ис. 55:1). Уи шәара ҳамҭас ишәыҭоуп. Шәнапы ааиҵыхны агара ауп иаҭаху. Иҳaқәиҭу иҳәоит: «Агәнаҳa шәызҵоу ҟаԥшьхәыхәҵәараӡа иҟазар - асы еиԥш исыршкәакәоит; иҟаԥшьыуаркалеиуазар - амшын ацәқәырԥеиԥш исырҟәашуеит». (Ис. 1:18), «сара агә ҿыц шәызҭасҵоит, адоуҳа ҿыцгьы шәысҭоит”. (Иез. 36:26).Kиa 49.2

    Шәара шәызҵаз агәнаҳақәа азхашәҵеит, иааншәыжьит. Ишәыӡбеит Анцәа шәхы ишәҭарц. Шьҭа, шәца Иара иахь, шәиҳәа агәнаҳақәа шәхихырц, агәыцқьа (агәҿыц) шәызҭеиҵарц. Агәрахашәҵа, зегьы абас иҟалоит, избанзар, Иара ус иҟасҵоит ҳәа ажәа риҭахьан. Абри дырҵара даҿын Иаса адгьыл аҟны данынхоз: ҳара, Анцәа абри ишәанасшьоит ҳәа ажәа иҳаиҭаз шыҟалаҵәҟьо, агәра аагароуп, усҟан иара ҳаитәхоит ҳара. Иаса ауаа ргәаҵанӡа Иара имчра аназхарҵоз ачымазарақәа рыҟнытә ихәышәтәуан. Ҳҿыхҩы ирбо-ираҳауа ауаа дрыцхраауан, уаҩы ибарҭам аусқәа - агәнаҳа ранажьра, рымҩаԥгара шилшо ауаа агәра ргарц азы дара ирбо - ираҳауа ацхыраара риҭон. Араҳаҭрахь зхы зырхаз реиқәырхараан уи еилукааратәы иҳәеит: «Шәара ижәдыруазар ауп Ауааԥсыра Рԥа (Иаса) - адгьыл аҿы агәнаҳақәа рхыхразы амчра шимоу... уҩагыл, уиара аашьҭых, уца уҩны ашҟа”. (Мф. 9:6).Kиa 50.1

    Иоанн Аевангельхаҵаҩы, Қьырса иҟаиҵо аџьашьахәрақәа рыӡбахә ҳәо ишьақәирӷәӷәоит абри ахшыҩҵак: «Ара иануп, Иаса Қьырса Анцәа Иԥа шиакәу агәра хашәҵа ҳәа, иара дхаҵо шәыԥсҭазаара зегьы Иара ихьӡала ишәхыжәгаларц азы». (Ин. 20:31).Kиa 50.2

    Абиблиа иагәылоу Иаса ачымазаҩцәа шихәшәтәуаз атәы зҳәо ажәабжь ала ҳара eилaҳкaауеит, Иара иазхаҵарала ҳагәнаҳарақәа ҳaнaжьра шалшо. Ҳазыхынҳәып, Вифезда араҳаҭрахь зxы зырхаз, иеиқәырхара шыҟалаз атәы зҳәо ажәабжь ахь. Агәаҟра иаҿыз арыцҳа зынӡа ихы дзaxәаӡомызт, ҩажәеи жәаа шықәса дзымныҟәо дыҟан. Аха Иаса ус идиҵеит: «Уҩагыл, уиара aашьҭых, уныҟәа». Ачымазаҩ иҳәарц илшон абас: «Иҳақәиҭу, Уара сеиқәурхозар, сара Уара иуҳәо адҵа насыгӡоит”. Аха иара Қьырса иажәа агәра игеит, дшихәшәтәхьаз агәра хеиҵеит, иаразнак агылара иҽазикит; дҩагыланы ацара дшазыхиаз ааирԥшит, иҿагьынеихеит. Иара Қьырса иажәа дықәныҟәеит, Анцәа амчра ииҭеит. Ачымазаҩ дыбзиахеит.Kиa 50.3

    Шәара шәыгәнаҳарақәагьы убри еиԥшу аҭагылазаашьа шәнаганы шәынҭадыргылеит. Шәара ишәылшаӡом иҟашәҵахьоу агәнаҳарақәа шәхыхны, ишәылшаӡом шәгәаҭа ԥсахны, иԥшьоу уаҩны аҟалара. Аха Анцәа ажәа шәиҭоит Қьырса ицхыраарала шәара шәзы урҭ зегьы шыҟаиҵо. Ишәиҭаз ажәа агәра жәга. Шәыгәнаҳарақәа зегьы азхашәҵа, Анцәа шәхы ишәҭа. Иара имаҵ ауразы ишәыдышәкыл аӡбара.. Шәара абарҭ зегьы шааҟашәҵалакь еиԥшҵәҟьа, Анцәа хымԥада Иажәа наигӡоит. Араҳаҭрахь зхы зырхаз ачымазаҩ дшеиқәырхоу агәра анига, Қьырса ишьапы дықәгыларатәы алшара шииҭаз еиԥш, иҟалоит Шәара шәеиқәырхарагьы. Анцәа дхазҵо изы зегьы ҟалоит.Kиa 51.1

    Ҳшыбзиахаз ҳцәа ианырып ҳәа шәымԥшӡакәа абас шәҳәа: «Абзиахара сшаҿу сцәа ианыруа сахьыҟоу азы акәӡам уи агәра зызго. Анцәа ус ахьиҳәаз азы ауп».Kиa 51.2

    Иаса иҳәоит: «Аныҳәараан шәара шәзыҳәо зҽгьы агәра жәга ишшәоуа, шәара иара шәоуеит”. (Mk. 11:24). Ари аҩыза ажәа ҳаҭара ҟалеит ԥҟара зaҴӘЫК ашьаҭала: Ҳара аҳәара ҟаҳҵароуп Анцәа игәы иақәшәо азы. Аха Анцәагьы ииҭаху, агәнаҳа ҳxыхны, иара ҳаитәны, аԥсҭазаара ԥшьа аныҟәгара ҳалшо ҳаҟаҵара ауп. Убри аҟнытә ҳара иҳалшоит, абарҭ Анцәа илԥха змоу, аиуразы аҳәара аҟаҵара, ишҳауа азхаҵара, иҳаиҭахьоу азы Анцәа иҭабуп ҳәа иаҳәара. Абри уаҩ изы иԥыжәаратә зин дууп - Иаса иҿы инеины агәнаҳарақәа рхыхра, Анцәа иԥҟарақәа рҿаԥхьа ԥхамшьарыда, ламыс цқьала аагылара! «Абас, иахьа қәыӡбара рымаӡам Иаса Қьырса цәалеи-жьылеи акәымкәа, гәыла — ԥсыла ицынхо!” (Рим. 8:1).Kиa 51.3

    Убри аҟнытә, шәара шьҭа шәхы шәақәиҭӡам, шәара ахәыԥса ду шәыхҭынҵаны шәаахәоуп. «Ԥхасҭара зқәу раӡнылеи, ма хьылеи акәӡам шәара аԥсҭазаара ҭагә-ҭасраҟнытә хҿыхшьас ишәоуз, ицқьаз, ԥхасҭара знымԥшуаз, ахә дуӡӡа змаз, ақәҵа Қьырса ишьацқьалоуп». (1 Петр. 1:18,19). Шәара Анцәа дхашәҵа, Аԥсыцқьа, аԥсҭазаара ҿыц шәыхәлеиҭәҳәоит, нас, Шәара шьҭа, Иара иҭаацәара шәатәуп. Иара шәара Иԥа иеиԥшҵәҟьа, шәаргьы бзиа шәибоит, Иара ицәхьаҵра шәаламган, ес-сыҽны абас шәҳәала: «Сара Қьырса ситәуп, сара схы иара имаздеит». Еснагь шәиҳәала Аԥсыцқьа дышәзааишьҭларц азы, Илԥхала шәихьчаларц азы. Иара игәра Ганы, Анцәа шәыҽиҭаны, Иара ихәыҷқәа шәакәны, шәшыҟалаз еиԥш, шәынхала иара иҩнуҵаҟа! Ацҳаражәҳәаҩ Павел иҳәоит: «Иҳақәиҭу, Иаса Қьырса дышшәыдышәкылаз еиԥш, убас иара иахьгьы шәныҟәала”. (Кол. 2:6).Kиa 52.1

    Шьоукы ус ргәы иаанагоит, Анцәа илԥха роурц азыҳәа, дара зегьы раԥхьа ишыруалу Иҳақәиҭу рыҽшдыриашаз агәра идыргарц азы ԥышәара ҷыдак ахгара руалуп ҳәа. Аха дара уажәгьы азин рымоуп Анцәа илԥха аиура. Ауаа ирымамзар ргәы зырӷәӷәо Анцәа илԥхеи, Қьырса Идоуҳаи ирылшаӡом ацәгьа аҿагылара. Иаса иҭахуп ҳара ҳшыҟаҵәҟьоу еиԥш ҳнеилар Иара иҟны: ҳацәгьарақәа зегьы ҳрылаҟаны, ҳамчыдақәаны. Иара агәаҳәара имоуп, игәы аҳәоит ҳapa Иара ҳиқәгәыӷларацы. Ҳара иҳалшоит ҳaԥсыҽрақәa, ҳаԥхасҭарақәа ҳацәгьарақәа, ҳгаӡарақәа ҳаманы Иара иҿаԥхьа ҳнеины, ишьапаҿы, aгәнаҳахыхры зҭахны, аҽкажьра. Иара игәыԥшқара дyӡӡа аарԥшуа, Бзиабарала ҳаигәыҵаҳәҳәаны ҳгәыдкылауа, ҳахәрақәа ԥыртланы еиҭaҿеиҳәоит, аҟьашьрақәа иарбанзаалакь ҳаргәылирыцқьаауеит.Kиa 52.2

    Иара абраҟаҵәҟьа аӡәырҩы ирықәманшәалахаӡом. Дара ихарҵаӡом Иаса хаҭала дара илшоит ҳәа раҭамҵара. Дара Анцәа иажәа азхарҵаӡом. Уи рыцҳароуп. Анцәа иаԥиҵаз аԥҟара иқәныҟәо зегьы, рхатәы ԥышәа инақәыршәаны, Анцәа ираҭәеишьо аҭамҵара аиуразы ирымоуп аԥыжәара. Иара дара рыгәнаҳарақәа зегьы ранаижьуеит! Наҟ, хара ишәҟәышәцала, Анцәа иажәа шәара шәаҵанакӡом ҳәа шәхаҿы иааиуа ахәыцрақәа. Уи ажәа зхара азхазҵо (иахьхәыз) ацәгьаҟаҵаҩцәа зегьы ирыҭоуп. Қьырса амаалықьцәа лбааишьҭуеит Иара илԥхеи имчи Анцәа дхазҵо агәаҭақәа зегьы рахь инаргарц азы. Егьа гәнаҳа даҵазаргьы ауаҩы. Иаса агәнаҳаҟаҵаҩцәа зегьы рзы илшоит амчра, ацқьара, аиашара рызнагара. Қьырса дазыхиоуп дарбанзаалакь агәнаҳаҟаҵарала иҟьашьу, зцәа рыцәгьоу амаҭәа шьҭыхны, аиашамҩаԥгаҩ имаҭәа шкәакәа ишәҵара. Агәнаҳаҟаҵаҩы Уи идигалоит, аԥсра ахаҭыԥан аԥсҭазаара.Kиa 53.1

    Анцәа, ҳара аԥсра ззыԥшу, ауаа аӡәи-аӡәи ишаҳзеибауа еиԥш дҳазныҟәаӡом. Иара ҳара даҳзыҟоуп лыԥхала, бзиабарала, ԥшқарахла: «Анцәа дхазымҵогьы хьӡы злам имҩеи ихәыцра ҽеимрақәеи аанижьратәы иҟалааит - Иҳақәиҭу иахь дхьаҳәааит, усгьы Иара диргәыбзыӷуеит, иара убас Анцәа иахьгьы, избан акәзар Уи дрыцҳaшьаҩ дуӡӡоуп”, «узaкәaндаpақәa анаҟә әиԥш еиқәyанҭа ишьҭасҵоит угәнаҳарақәа, аԥҭа реиԥш”. (Ис. 55:7; 44:22).Kиa 53.2

    Абиблиаҿы иҟоуп абарҭ ажәақәагьы: «Сара аԥсра иаҿу иԥсра сҭахӡам, иҳәоит Иҳақәиҭу Анцәа; аха са сахь шәҿы ишәырха ишәырха - нас шәынхала!” (Иез. 18:32). Аҩсҭаа иааиԥмырҟьаӡакәа иҽазишәоит алԥха зцу Анцәа иажәақәа ҳара ҳцәыҵәахра. Иара иҭахуп агәыӷра иарбанзаалакь ацыԥхьқәеи, алашара иарбанзаалакь ашәахәеи ауаҩы далхәыдаан иҟаҵара. Аха ҳара уи иаҳмырҟаҵар ауп. Ацәгьаҳәаҩы шәизымӡырҩлан, аха абас шәҳәала: «Иаса дыԥсит, сара иԥсҭазаара сыҭаразы. Уи сара бзиа сибоит, сҭархара иҭахӡам. Сара дсымоуп срыцҳазшьауа Ажәҩантә аб; сара акыр Иара ибзиабара салахәмарит, исиҭоз алыԥхара акыр исҟьацәеит, шьҭа cҩагылоит, сцоит Саб ишҟа, иагьысҳәоит: «Сара иҟасҵеит ажәҩани, Уареи шәҿаԥхьа агәнаҳарақәа акыр, убри аҟнытә Уара уԥа соуп ҳәа аҳәара саԥсаӡам, сахыԥхьаӡал Уара иумоу атәцәа рхыԥхьаӡарахь». Уи ажәабжь аҿы иҳәоуп аб иҟьалаз иҷкәын идкылара атәгьы: «Иара акырӡа хара дшыҟаз, Аб ихаҭа дибеит, дагьрыцҳаишьеит, дыҩны днеиԥылан ихәда иҽынхишьын, дагьаагәыдикылеит иара». (Лк. 15:18 - 20).Kиa 54.1

    Иара абри ажәабжь иалшаӡом Ажәҩантә Аб ҳара агәнаҳа иаҵоу ҳахь имоу, ҳәаа змам, арыцҳашьара атәы инагӡаны аарԥшра. Иҳақәиҭу иԥааимбарцәа рыла иҳаиҳәоит: «Сара инаунагӡатәу бзиабарала уара бзиа узбеит, убри азы ауп абзиа узеиӷьашьара сзаҿу». (Иср. 31:3). Агәнаҳаҟаҵаҩы иаб иҩны акыр иацәыхараны ишьҭоу атәым тәылаҿы имазара зегьы аныхра данәҿу, Аб иара игәхьаагара даҿуп (дыгәхьааигон).Kиa 54.2

    Агәнаҳаҟаҵаҩы игәаҿы Анцәа иахь ахынҳәразы изцәырҵуа агәзыҳәарақәа Аԥсыцқьа ибжьы хаа иҟанаҵо ааԥхьара ақәҿыҭбжьы ауп, уи иҟьалаз Аԥа Ажәҩантә Аб иахь дидыԥхьало изҿиҭоит.Kиa 54.3

    Абри иаҩызоу Абиблиатә ршаҳаҭгақәа yмaны иҟалома агәыбжьажьара аарԥшра? Aгәнaҳaҟаҵарақәа даарҟәаҵны, Иара (Анцәа) ишьапы иҽнaҵaжьны, ихарақәа кажьны ахынҳәра иазгәышьуа aгәнахәҟаҵаҩ рыцҳа, Иҳақәиҭу ибла ырцәгьаны диxәаԥшуеит ҳәа угәы иаанагар ҟалома? Иԥхьашәца, нaҟ, ари еиԥшу ахәыцрақәа? Абри еиԥшу Ажәҩантә Аб изы агәаанагарақәа раҟара агәы иаԥырхагоу акгьы ыҟаӡам. Иара агәнаҳа ибар ҟалаӡом, аха агәнаҳаҟаҵаҩы бзиа дибоит. Қьырса ила Иара ихаҭа Ихы ауаа ириҭеит, изҭаху зегьы еиқәирхарц азы, ахьыз Аҳра ахьауа ироурацы инаунагӡоу агәыраҳаҭра. Аԥааимбар Исак иҿала Иара ииҳәаз ажәақәа реиҳа ирӷәӷәаны, игәы рхыҭхыҭганы изалшома аҳәара? Абар иара иажәақәа: «Лыӷырҭа иҭшааз лыҷкәын дрыцҳалымшьаратәы еиԥш, дылхашҭыр алшома ан лгәыҳәԥыхш зҿалҵоз ахәыҷы? Лара уи дылхашҭҵәҟьаргьы, Сара уара усхашҭӡом”. (Ис. 49:15).Kиa 55.1

    Иԥхашьои, згәы бжьажьақәои зегьы шәгәазҳа! Иаса иԥсы ҭоуп, шәара шәзы ажәак иҳәарц азы. Анцәа иҭабуп ҳәа иашәҳәала зегьы раасҭа бзиа иибоз Аԥа ҳара дахьҳахҭниҵаз азы, шәиҳәа, шәматанеила, Иара шәара шәзы иԥсра башамхарц азы. Иахьа Аԥсыцқьа зегьы рахь ааԥхьара ҟаиҵоит. Шәааи, Иаса ишҟа! Уи ашьаҿа гәыҭыӷьӷьаала аҟаҵара шәылшар, Иара илыԥха аиура ақәгәыӷра шәылшоит.Kиa 55.2

    Анцәа ажәа аҭара иҟаиҵаз шәанаԥхьо ишәхашәмыршҭлан, урҭ ишырныцшо еиҩшара зқәым Иара ибзиабареи ицқьареи. Иҵыхәԥҵәарадоу абзиабара зныԥшуа уи игәы ихыжжа ицоит ацәгьаҟаҵаҩ иахь имоу арыцҳашьара ҟәымшәышә. «Ҳара иҳауеит Иара ишьала ахҿыхреи агәнаҳахыхреи”. (Еф. 1:7). Шәара ишәылша Анцәа - Шәыцxыpaaҩ шиaкәy азхаҵара. Иара иҭахуп иуаҩышәаратә хаҿра ауаҩы еиҭеизырхынҳәра. Шәара аиaша аартны иҳәаны, шәыгәнаҳа шьҭаҵаны Иара шәҽанизааигәашәтәлакь, Иаргьы шәара иҽышәзааигәеитәуеит, ақьиареи, аҭамҵареи иманы.Kиa 55.3

    Larger font
    Smaller font
    Copy
    Print
    Contents