Loading...
Larger font
Smaller font
Copy
Print
Contents
  • Results
  • Related
  • Featured
No results found for: "".
  • Weighted Relevancy
  • Content Sequence
  • Relevancy
  • Earliest First
  • Latest First
    Larger font
    Smaller font
    Copy
    Print
    Contents

    Қьырса ила аизҳара

    Анцәа ихшаара ҳакәны ҳҟазҵо ҩнуҵаҟалатәи ҳҽыԥсахрақәа Абиблиaҿы хьӡыс иамоуп хыхьантә аира ҳәа. Уи, иара убас иaҿдырԥшуеит ажәла бзиа илаҵаз ахылҿиаагьы. Убри еиԥшҵәҟьа Қьырса иахь ихьаҳәыз ауаагьы «Ҿыц ииз асаби” еиԥш ирызҳалароуп «Қьырса иҭәымҭа аҟнынӡа” иҩаӡаанӡа. (1 Петр. 2:2; Еф. 4:13). Амхәырсҭаҿы илаҵаз ажәла еиқәаҭәы еиԥш, урҭ ирызҳалароуп, рызҳарагьы иаиуроуп алыҵшәа. Ацҳаражәҳәаҩ Исаиа иҳәоит урҭ «иашала иӷәӷәоу, Иҳақәиҭу ихьӡ-иԥшазы адәы иқәҵаз ҳәа” рзырҳәоит ҳәа. (Ис. 61:3). Аԥсабара аҿиара аҟнытә иаагоу арҭ аҿырԥштәқәа ҳара иҳацхраауеит адоуҳатә ԥсҭазаараҟны иуԥыло амаӡақәа еиҳа еиӷьны реилкааразы.Kиa 76.1

    Ауаатәыҩса идырреи иҟәышреи азхаӡом ахәҷыҷа аԥсҭазаара иҭаразы. Аԥстәқәеи аҵиаақхәеи рыԥсы ҭоуп Анцәа урҭ ирзишаз амчра абзоурала. ауаа рҟынгьы адоуҳатә ԥсҭазаара аира алзыршо Анцәа иоуп. Ауаҩы «иира хыхьынтәи иҟамлар” (Ин. 3:3), ҳдунеи ахь Қьырса дыззылбааз аԥсҭазаара әҽанраалара илшаӡом.Kиa 76.2

    Абри еиԥш азуҳәар ҟалоит азҳарагьы. Аҵиаа шәҭуеит, ажәла хнахуеит Анцәа имчала. Анцәа агәаӷь аиҭоит «раԥхьа аиаҵәара агәылԥтразы, нас ачахәҵәы, уи ашьҭахь ачахәҵәaҿы ачарыц гәылҭәаа ҿаларцазы” алшара. (Мк. 4:28). Ацҳаражәҳәаҩы Осиа иҳәоит «Израиль шәҭуеит алилиа еиԥш» ҳәа. (Ос. 14:6,8). Иаса ҳара иҳабжьеигоит: «Шәрыхәаԥши арҭ алилиақәа ишрызҳауа». (Лк. 12:27). Аҵиаақәеи ашәҭқәеи рхала, насгьы рхатәы мчы ала акәӡам ишрызҳауа, урҭ Анцәа иҟнытә ироуеит аԥсҭазаара иаҭаху зегьы. Асаби егьа иҽиҟьаргьы иоура акагьы изацҵаӡом ихала. Шәаргьы иара убасҵәҟьа шәхала, мамзаргьы шәҽазышәарақәа рыла ишәылшаӡом шәдоуҳа азырҳара. Аҵиаагьы, асабигьы ирызҳауеит рыкәша-мыкәша иҟоу аԥсабара иалҵны, зыда ԥсҭазаара ҟамло - аҳауа, амра, алашара, афатә ахьроуа иабзоураны. Арҭ аԥсабара аҳамҭагьы Қьырса ида ԥсыхәа змам, дшырҭаху еиԥшҵәҟьа аԥстәқәеи, аҵиаақәеи ирҭахуп. Иара дара рзы «наунагӡатәи лашароуп”, «мроуп, баагәароуп”. (Ис. 60:19; Ԥс. 83:6). «Израил азы дӡаӡаны дыҟоуп» Иара (Ос. 14:6), «аҳәырҭа рхы иазлеиз ақәеиԥш дылбаауеит уахь; адгьыл зырԥсаҳәаз аӡы цәыкәбар еиԥш» (Ԥс. 71:6). Иара - дӡуп, зыԥсы ҭоу ажәҩан илбааны, адунеи аԥсы ахазҵо чаны дыҟоуп. (Ин. 6:33).Kиa 77.1

    Адунеи, зеиԥш ыҟам аҳамҭа - Иара Иԥа дазылашьҭны, Анцәа адгьыл зегьы аҳаиртә ҳауа шыҟоу еиԥшҵәҟьа аԥсҭазаара змоу аҳауа лыԥхала иҭеиҳәҳәеит. Абри ԥсы зхоу аҭагылазаашьаҿы иҟазаарц зҭаху зегьы инхалоит, ирызҳалоит Иаса Қьырса иаҟараны ирызҳаанӡа.Kиa 77.2

    Ашәҭыц ихаҭәаау аформеи аԥшӡареи зыҵаҟа иаиуа ашәахәа еилыџьџьа змоу амра ашҟа ахы шархо еиԥш ҳаргьы Аиашаҳәара Амра ахь ҳхы ҳaрхароуп, ажәҩaн аиашара ҳақәыҷҷарц азы, ҳҟазшьагьы ессааира Қьырса иҟазшьа иазааигәахарц азы.Kиa 77.3

    Абри аурок аҩызаҵәҟьа ыҟоуп Қьырса иажәа аҟынгьы: «Шәыҟаз Сара сыҩнуҵҟа, Саргьы сҟалоит Шәара шәыҟны. Амахәҭа ахала аӡахәа иахьынҳaламкәа ишалымшо еиԥш аҿалара, шәаргьы Сара сыда убас шәыхьуеит... Сара Сыда ишәылшаӡом акагьы аҟаҵара». (Ин. 15:4,5). Гәыцәда амахәҭа азҳареи, акы аҿалареи шалымшо еиԥш, шәаргьы ишәылшаӡом иԥшьоу аԥсҭазаара аиура Қьырса ицәаҿы шәҟамлакәа. Иара шәидҳәаламкәа шәара шәзыҟалаӡом аԥсҭазаара шәыманы. Шәара шәхызхо аҿагыларазы ишәымаӡам амчра, мамзаргьы лыԥхала, ԥсы цқьала аизҳаразгьы. Иара иҿы шәаныҟала, шәара еикәаҭәы иҟалоит шәынхара. Иара иҟнытә аԥсҭазааразы амчра шәауа мацара, шәара аҿа шәцәыӡырц шәыҟаӡам, еснагь ақәыԥшра шәыцзаауеит. Шәара аӡы ахыҵхырҭаҿы еиҭарҳаз аҵла шәеиԥшны шәҟалоит.Kиa 78.1

    Аӡәырҩы ирыԥхьаӡоит ари аус ахәҭак иахәҭоуп ҳәа ахала анагӡара. Урҭ Қьырса иҟнытә изызԥшыз рыгәнаҳaқәа рхыхра акәын, ашьҭахь рхатәы мычқәа рхы иархәаны рҽазыршәоит рыԥсҭазаараҿы аиаша ақәныҟәара. Аха ари еиԥшу аҽышәара лҵшәа бзиа аиуӡом. Иаса иҳәоит: «Акгьы аҟаҵара шәылшаӡом сара сыда». Ҳара лыԥхала ҳаизҳара, ҳахырҳагара, ҳгәырӷьара зегьы Қьырса иҽидкылара иалҵшәоуп. Есымшатәи, ес-сааҭ цыԥхьаӡатәи иареи ҳареи ҳаицәажәарала, иара иҿы аҟазаарала ҳара иҳалшоит лыԥхала аизҳара. Иара - ҳара хдин ахацаркра мацара акәӡам идҳәалоу, иара убас уи ахыркәшарагьы. Қьырса - еснагь иҟоу, иаԥхьаӡатәу, иҵыхәтәантәу. Иара ҳара дҳацзар ауп ҳамҩа алагамҭази, убас уи ахыркәшамҭази рыдагьы, ҳшьаҿа еихгара цыԥхьаӡа Давид иҳәоит: «Сара сҿаԥхьа еснагь Изҳақәиҭу дызбон, избан акәзар уи сара дсарӷьажәҩоуп, сгәы еицакра ақәӡам». (Ԥс. 15:8).Kиa 78.2

    Шәара шәҵаауеит: «Қьырса иҟны ыҟазаашьас исымоузеи?» ҳәа. Иара раԥхьа даншәы- дышәкылоз шәшыҟаз еиԥш. «Иҳақәиҭу Иаса Қьырса шәара ишәылшазар идкылара, Иҿы аҟазаарагьы шәылшар ауп”. (Кол. 2:6). «Аиашауаҩы идин ала иҭазаауеит иԥсы». (Евр. 10:38). Шәара анцәа шәхы ишәҭеит наунагӡа иара шәитәызарц азы, имаҵуразы, изыӡырыҩразы. Шәара Қьырса дшәыдышәкылеит Шәара Шәҿыхҩы иаҳасабала. Шәара шәхала, шәхатәы мчала ишәылшомызт шәыгәнаҳaрақәа рхыхра, мамзаргьы шәгәаҭа аԥсахра. Аха Анцәа инапы шәҽанҵаны иазхашәҵеит Қьырса ила шәара шәзы зегьы Иара ишыҟаиҵоз. Динхаҵарала Шәара Қьырса шәыҽимажәдеит, динхаҵарала шәара Иара иҟны иҟалароуп шәеизҳaрагьы, иара шаҟа ишәҭо аҟара, шьҭахьла ишәыдкыло. Шәара ишәылшароуп абарҭ зегьы иҭара: шәгәы, шәгәаҳәара, шәмаҵура; Иара идҵақәа зегьы рынагӡаразы Шәара шәхаҭара зегьы ишәҭар ауп. Иара убас шәара ишәыдышәкылар ауп зегьы: Қьырса иқәныҳәарақәа зегьы шәара дышәҭааларц азы, шәымчра даԥшәыман дҟаларц азы, шәиашара иакәхарц азы, ҳҳәатәхаҵаҩны ҳаҟалараҿы ацхыраара ҟаиҵарц азы.Kиa 78.3

    Ес-сышьыжь Анцәа шәиҭаала. Абри аус шәара ишәзыҟалааит раԥхьаӡатәи ишәшьаҿаны. Шәматанеила абас ҳәо: «Сара сшеибаку Уара сутәуп, сга. Сара сусқәа зегьы шьҭасҵоит ушьапаҿы. Иахьатәи умаҵураҿы ухы сархәа. Сусқәа зегьы уара уҟны ихыркәшахарц азы уаанҿас сара сыҟны”. Ессыҿны абас иҟаҵалатәуп. Ес-сышьыжь ишәзыԥшу амш зегьы азы Анцәа инапы шәҽанышәҵа. Ишәзыԥшу апланқәа зегьы Иара идышәҳәалала. Шәара шәыҟазар ауп шәазыхианы Иара иазԥхьагәаҭара инақәыршәаны урҭ рынагӡара, мамзаргьы мап рыцәкра. Абасала шәара ишәылшоит ес-сыҽны Анцәа шәыԥсҭазаара инапы анҵара, иаргьы еиҳаеиҳа Қьырса иҟны аԥсҭазаара - уи ираҳаҭу ԥсҭазаароуп. Ақьырсиан ацәанырра ҳаҵ-ҳаҵарақәа изцәырымҵыр алшоит, аха иара имазаауеит аҭынчреи, ҩнуҵаҟатәи ахақәгәыӷpеи.Kиa 79.1

    Шәара шәхы акәӡам шәзықәгәыӷуа, Қьырса иоуп. Шәара шәыԥсыҽра Иара имч aҽаԥнашьуеит, шәара шәымдырра - Иара иҟәышра, шәара шәымчыдара - Иара илшараду. Иаҭахӡам шәхаҭара гәцаракны шәхы ашьклаԥшра. Шәиҿыԥшла Қьырса! Иара ибзиабареи, иԥшӡареи, иҟазшьеи, инагӡаӡареи шәазхәыцла. Азхәыцра иаԥсоу темақәаны иҟоуп - Қьырсеи Иара ихы ахашҭреи (ақәҵареи), Қьырсеи иара иԥсреи, Қьырса ицқьареи, иԥшьареи, иара акгьы еиԥшӡам ибзиабаpеи. Шәара Иара иеиԥшхара шәылшоит иара бзиа дыжәбалар, Иара шәиҿаԥшлар, Иара шәиқәгәыӷлар.Kиa 80.1

    Иаса иҳәоит: «Сара сцәаҿы шәыҟаз!». Арҭ ажәақәа иаадырԥшуеит агәҭынчра, ақәгәыӷра, гәыкԥсыкала азыҟазаареи ридеиа. Иара еиҭа ҳара ҳахь ааԥхьара ҟаиҵоит: «Шәааи Сара сышҟа... Сара исырҭынчуеит шәара шәгәы». (Мф. 11:28). Убри ахшыҩҵакыҵәҟьа иҳәеит аԥсалмаҳәаҩы: «Иҳақәиҭу уҽиҭа, Иара уиқәгәыӷла!” (Ԥс. 36:7). Ацҳаражәҳәаҩы Исаиа агәра ҳиргоит: «Аҭынчреи агәаԥсыршьареи рыҟноуп шәара шәбаагәара ахьыҟоу”. (Ис. 30:15). Ари аҩаыза араҳаҭра ус баша иузырҳаӡом, убри азы ауп Ҳҿыхҩы иажәақәа рыҟны абзиарақәа зегьы ахьыҟоу ахь ааԥхьара еиԥш аџьа ашҟа анаԥхьарагьы рныԥшуеит: «Сара сџьамыӷәара шәхахьы ижәга... усҟан шәара шәыгәқәа ироуеит аҭынчра”. (Мф. 11:29). Ишеибаку Қьырса иқәгәыӷуа зегьы раасҭа Иара имхәырсҭаҿы змахәҿа еилҳәа, агәақьҳәа аус зуа иакәны дҟалоит.Kиa 80.2

    Ауаҩы ихы амацара азхәыцра данагәыланахалалакь, уи Қьырса - аԥсҭазаареи амчреи рхыҵхырҭа иган еирхо далагоит. Убри азыҳәан ауп аҩсҭаа еснагь ауаа Ҳҿыхҩы иахь ирымоу агәцаракра арблаҟьара дзашьҭоу, иара убри алагьы Қьырсеи дaреи реиҿцаареи, ракзаареи даԥырхагахо дзаҿу. Иapa иҽазишәоит шәхәыцрақәа адгьыл aҿы иҟоу ақьафурәқәеи, абзазаратә маҵурақәеи, аиқәымшәаpақәеи, аиԥҟьарақәеи, ауаа рыԥсыҽрақәеи, иара шәaра шәыгхақәеи рызкра. Иаԥсам ухы-угәы yҭахәыцуа ахеиқәырхаразы ашәаӡыӡреи aгәҭынчымреи рыҽрыҭара. арҭқәа зегьы амчра Ахыҵхырҭа ҳавганы ҳаргоит. Шәыԥсҭазаара зегьы Анцәа инапы ианышәҵа, Иара заҵәык шәыҽишәҭа. Иаса изы шәхәыцла, иӡбахә шәҳәала. Шәара «сара” ҳәa шәхы иазышәҳәо Иара илашәырӡла. Наҟ ишәҟәыжәга агәыбжьажьарақәа зегьы, ашәарақәа. Ацҳаражәҳәаҩы Павел абас ицышәҳәа: «Уажәырнахыс инхо сара сакәӡам, сара сыҩнуҵаҟа Қьырса дынхоит. Иахьа сара исхоу ацәала сынхоит Анцәа Иԥа, сара бзиа сызбаз, сара сзы зхы зҭииз иазхаҵарала». (Гал. 2:20). Шәашьҭала Анцәа иҟны араҳаҭра. Шәара Иара инапы ианышәҵаз аиқәырхара илшаратәы имоуп амчра. Шәара Иара инапаҿы шәаныҟала, бзиа шәызбаз имчала зегьы ишәылшоит раиааира.Kиa 80.3

    Ауаҩы иԥсабара анидикыла нахыс Қьырса ауааԥсыра иҽрыдиҳәалеит абзиабара ӷәӷәала. Ауаҩы ихаҭа ус иҭахымхар, иарбанзаалакь дәҽа мычрак иалшаӡом урҭ рыҟәкра. Аҩcҭаа еснагь уи аимадара аиҟәҟьаразы, Қьырса ида ҳанхап ҳәа аӡбара ҳадаҳкыларц азы ҳԥышәара даҿызаауеит. Убри азы ауп еснагь агәаҽанызаара, Анцәа иҳәара, иарбанзаалакь ухызхша акы ҳаиааины дaҽа аҳак иалхра ҳалнамыршарц азы амчра азкра заҭаху. Ҳара ҳауп еснагь алхра азин змоу. Қьырса иахь иҳархап ҳаблақәа, Иаргьы нас ҳара ҳаиқәирхоит. Қьырса иахь ҳаблақәа кыднаҵы ҳара ҳзы шәарҭара ыҟаӡам. Аӡәгьы Иара ҳаимпыҵԥааны ҳгара илшаӡом. Иааиԥмырҟьаӡакәа Иара ҳаизыԥшуа мацара, - ҳара иҳалшоит «иара иаабо ахаҿсахьа ҳаиԥшхаратәы ҳҽеиҭаҳкуеит, ихьӡырӡы аҟнытә ахьыӡ рҳауа, Иҳaқәиҭу иҟнытә ицо Адоуҳа еиԥш». (2 Кор. 3:18).Kиa 81.1

    Абас акәын раԥхьаӡатәи аҵаҩцәа ҳара акыр иаҳзаԥсоу Ҳҿыхҩы еиԥшызаара шышьҭыркаауаз. Арҭ аҵаҩцәа Иаса иажәақәа анраҳа, урҭ иаразнак рцәа ианырит Иара шиакәыз дара ирзымхоз. Дара Иара иԥшаара иалагеит, Иара дрыԥшааит, Иара ишьҭалан рҿынархеит. Аҵаҩцәа Иара иҩны ицҟан, астол ицахатәан, аҭыԥ ԥхьакрақәа рҟынгьы, аԥсабараҿгьы. Дара Иара иҿы аҵара рҵон ес-сыҿны, иԥшьоу аҵабырг Иара иҿы иҭыҵуаз иазыӡырҩуа. Иара ихәаԥшуан зҭакԥхықәрақәа еилызкаарц зҭаху амаҵуҩцәа рыԥшәма ишизыԥшуа еиԥш. Урҭ аҵаҩцәа зегьы рыла ҳара иҳаиԥшын. (шәахә. Иак. 5:17). Ҳара ҳаиԥш даргьы агәнаҳаҟаҵара иаҿагыланы иқәԥон, даргьы иԥшьоу аԥсҭазаарала инхаларц азы алыԥха иазгәышьуан.Kиa 82.1

    Ҳҿыхҩы зегьы раасҭа еиԥшыз, Иара бзиа иибоз иҵаҩы Иоанн иакәзаргьы ԥсабарала усҟак ихааз аҟазшьа имаӡамызт. Иара ихы бзиа ибон, ихы иамхаԥагьан, уи адагьы ичҳара маҷын, акы имоукыр иуӡомызт. Аха Қьырса Инцәахшаратә ҟазшьа анизааты иара ибеит иԥсыҽрақәа, урҭ иара деиқәыркит. Амчра, ачҳара, алшара дуи, аҟәымшәышәреи, аҳаркӡара, алеишәабзиареи абарҭ роуп уи ес-сыҽны Анцәа Иԥа иҿы иибоз, игәгьы ахгәырӷьаареи абзиабареи рыла изырҭәуаз. Еcҽны Иоанн Қьырса иахь игәы ихон, игәы ихара иаҿын уи Иҳақәиҭу иахь ибзиабара ихы ашҟа имаз абзиабара иаиааины игәы иҭнацаанӡа. Уи агәаареи, ахы абзиабареи зныԥшуаз иҟазшьа Қьырса еиҭеикратәы иҟаиҵеит. Аԥсы Цқьа иамоу аиҭарҿиаратә мчра Иоанн игәы арҿыцит. Қьырса ибзиабара иҟанаҵаз анырра иабзоураны иара иҟазшьaҿы иҟалеит акрызҵазкуа аиҭакрақәа. Иаса иҩызара, хымԥада, абри еиԥшу алҵшәақәа рышҟа унанагоит. Қьырса згәаҵа дҭоу ауаҩы шьаҭанкыла иҽиԥсахуеит. Қьырса идоуҳа, Иара ибзиабара агәқәа арҟәымшәышәуеит, иҭҟәаны иагоит, рхәыцрақәеи ргәаҳәарақәеи Анцәеи инаунагӡoyи, ԥсpа зқәыми ирзыркуа иалагоит.Kиa 82.2

    Қьырса ажәҩан ахь данхалагьы Иара ишьҭанеицәа иҟазаара рцәа ианыруан. Иара алашареи абзиабареи рыла игәы ҭәны дара рҿы дыҟан. Иаса Ҳҿыхҩы, иныҟәоз, ицәажәоз, иматанеиуаз, ауаа ргәы шьҭызхуаз, изыжьжьауаз ажәҩан ахь дхагалан адунеи ажәабжь макьаназы иқьышә ишықәыҩуаз. Иара амаалақьцәа наҟәҵас данрыгәҭыларкуаз аамҭазы Иара иҵаҩцәа рлымҳа иҭыҩуан ажәақәа: «Сара шәара сшәыцзаауеит есыҽны, ашәышықәса аанҵәаанӡа». (Мф. 28:20). Иара ажәҩан ахь дхагалан ауаҩы ихаҿсахьа иҭаны. Иара иҵаҩцәа ирдыруан Иара дара рзы Дҩызаны, Дыԥсҿыхыҩны дшаанхо Анцәа иҿаԥхьа дахьгылоугьы, дара рахь имоу абзиабара ԥсахра ақәӡам, Иара еснагь иҿажәкуа ауаа рзы дҳаҵ-ҳаҵоит. Қьырса Анцәа изеиҭеиҳәоит ихатәы ҽаԥсатәрақәа ртәы, хәы змам ишьацқьа атәы, иирбоит икылжәжәа иҟоу инапқәҽи, ишьапқәеи ауаа рҿыхразы иарбан хәыԥсоу иишәаз игәаларшәо. Дара ирдыруан, Иара ажәҩан ахь дызхалаз дара рзы аҭыԥ рхианы, нас дара рахь дылбааны, хыхь иара ишҟа рхагаларазы шакәу.Kиa 83.1

    Қьырса ихагалара ашьҭахь иҵаҩцәа еизаны Жәҩантәи Аб иахь Иаса ихьӡала ирҭахын ирыцҳарц ирымаз аҳәарақәа. Иахӡыӡаауа, гәык-ԥсыкала (иашарыла) урҭ аматанеиразы ршьамхәқәа адырсит Иара Иҿаҭахьа еиҭаҳәауа: «сара сыхьӡала Аб иахь аҳәара иҟашәҵалакгьы, шәзыҳәаз шәоулауеит, шәара шәгәырӷьара нагӡахарц азы”. (Ин. 16:23, 24). Дара еиҳа - еиҳа аҩада иҩахо ишьҭырхуан адинхаҵара aтәы зҳәоз рнапқәа еицакра зқәым аршаҳаҭга ажәақәа ҳәо: «Қьырса дыԥсын, аха иԥсы ҭалеит. Иара Анцәа иарӷьажәҩа иоуп. Иара ҳара Дaҳхашшаауеит». (Рим. 8:34). Аҩынҩажәеижәабатәи амш аҽны дара рахь дылбааит Иаса абас ззиҳәаз Ажьжьаҩы: «Иара... шәара шәыҟны дҟалоит”. Убасҟан абасгьы азгәеиҭеит: «Сара сцар шәара шәзы еиҳагьы еиӷьуп; Сара сымцар, Ажьжьаҩы дааиӡом шәара шәахь; Сара сцар Иара даасышьҭуеит шәара шәышҟа». (Ин. 14:17; 16:7). Уи нахыс Қьырса Иԥсы еснагь иҭазар акәын Иара ихәыҷқәа рыгәқәа рыҟны. Уажәышьҭа дара еиҳа акыр Иара изааигәахеит адгьыл аҟны даныҟаз аасҭа. Дара ирхылҵуан ргәаҵаҿы иҟаз Қьырса илашара, ирныруан ибзиабареи, имчи, ауаа дара ирыхәаԥшуаз «уамашәа ирбон... еилыркаауагьы иалагон Иаса дара дышрыцыз”. (Аҟаҵ. 4:13).Kиa 83.2

    Иахьа Қьырса иҭахуп Ихәыҷқәа зегьы рзы раԥхьаӡатәи иҵаҩцәа рзы иҟаиҵахьаз зегьы рзыҟаиҵарц. Иаса иҵаҩцәа рыгәҭа аҵыхәтәаны имҩaԥигоз аматанеира аан иҳәеит: «Дара рымацара рзыҳәа заҵәык акәӡам сара Анцәа сызиҳәо, дара ражәақәа рыла Сара сшазхарҵо аазырԥшуа зегьы рзы ауп». (Ин. 17:20).Kиa 84.1

    Иаса Анцәа диҳәон Иареи Аби реиԥш иареи ҳареи ҳаӡәыкны ҳаҟазаара азы. Шаҟа ари еидгылар дуӡӡоузеи! Аҿыхҩы иҳәеит Ихазы: «Аԥа Ихазы Ихала акгьы илшаӡом арҿиара”. (Ин. 5:19); «Аб, Сара сыҩнуҵаҟа иҟоу, Иара иоуп аусқәа зегьы зырҿио”. (Ин. 14:10). Ажәакала, Қьырса дҭазар ҳара ҳагәқәа «Иара иҟаиҵоит ҳара иаҳҭаххаратәгьы, аусқәагьы Ихатәхәы лыԥхала иҿиалоит». (Флп. 2:13). Ҳара аус ҳаулоит Иара иус шиуаз еиԥш. Ҳаргьы иаҳхалоит уи иԥсы (идоуҳа). Иара ибзиабара ҳныруанаҵы, зегьы рыла Ҳара ҳаиԥшызаауеит «Қьырса хыс дызмоу». (Еф. 4:15).Kиa 84.2

    Larger font
    Smaller font
    Copy
    Print
    Contents