Loading...
Larger font
Smaller font
Copy
Print
Contents
  • Results
  • Related
  • Featured
No results found for: "".
  • Weighted Relevancy
  • Content Sequence
  • Relevancy
  • Earliest First
  • Latest First
    Larger font
    Smaller font
    Copy
    Print
    Contents

    Ҳара ҳусқәеи ҳаԥcҭaзaapeи

    Анцәа иҿы ауп Адунеи зегьы азы алашареи, агәырӷьареи, аԥсҭазаареи рхыҵхырҭа ахьыҟоу. Амра иахылҵуа алашареи, зегьы аԥсы рхаҵаразы илеиуа аӡыршьҭрақәеи ракәушәа ауп Иара илԥха рхьыгӡара зыҟало ишаны адәы Иара иқәиҵаз зегьы. Анцәа ауаа ргәаҭақәа рыҟны анхара данҭоу, ауаа бзиабарала рыкәша-мыкәша иҟоу ауаа рзы абзиа аҟаҵара рылшо иҟалоит.Kиa 85.1

    Ҳара ҳҿыхҩы аҵанӡа илеиз (иԥхасҭахаз) ауаа рышьҭыхра, реиқәырхара гәырӷьаран. Убри азыҳәан Иара ихатәы ԥсҭазаара аҭара дамеигӡеит, аџьар (акнаҳарҭа) дазнеит, ахьымӡӷи ацәыгьҳәареи хьаасгьы имкӡакәа. Амаалықьцәа, иара убас, еснагь аус руеит џьоукы аразҟы роурц азыҳәан. Иара убри әгәырӷьа инаҭоит. Зхы бзиа избо ауаа рхазы илазырҟәуа акы акәны иахәаԥшуеит игәырҩaшуеи, apыцҳацәеи, агәнаҳаҟаҵаҩцәеи ацхыраара рыҭара. Аха иара абри акәцәҟьоуп иԥшьоу амаалықьцәа рзы иҟоу иус хаданы. Қьар алгара иадҳәаламыз Қьырса ибзиабара адоуҳа ажәҩан зегьы гәылнырҭәааит, ажәҩанаҿтәи ақьафура шьагәыҭра азнауеит. Ари Қьырса ишьҭанеицәа ироуа адоуҳа ауп, иаргьы дара рмаҵзураҟны, жәаҳәарада, ахы аанарԥшуеит.Kиa 85.2

    Ҳара ҳгәаҭақәа рыҟны иҟазар Қьырса ибзиабара, иара иахылҵуа ахаафҩы ауаа рцәыҵәахра залшаӡом. Иара аԥшьара ҳара ҳзыҿцәажәо зегьы рцәа ианыруеит. Қьырса, ҳара иҳapӷоу, иԥсы ацәҳәыра аԥсы ахазҵо, амра иаркараз аныҟәаҩ ишабара хызҽуа, аӡыхь еиԥшны иҟалоит.Kиa 86.1

    Иаса иахь абзиабара аарԥшхоит ауааԥсыра рдоуҳа ашьҭыхразы, алԥха амазаарц азы Иара ихы аџьа шаирбоз еиԥш ахы аџьа арбаразы агәаҳәара аиураҿы; иара иҟанаҵо анырра иабзоураны ҳара ҳҟаларц ҳалшоит Ҳазшаз иишаз зегьы рахь еиҳа ҳгәы разны, ҳрыцҳашьаҩцәаны, ҳгәы ҵӷаны.Kиa 86.2

    Ҳҿыхҩы адгьыл аҟны Ихы мацара иазкыз, имариаз ԥсҭазаарамызт. Иара дааҟәымҵӡакәа, хҩахарыда, амчхара ԥшьаала аџьа ихы иаирбон аиаӡӡаара иaҿу ауаа реиқәырхаразы. Дани замш инаркны дкыдҵаны дыршьаанӡа Иара аџьеи. Ауаҩы дхызжәоз аныҟәарақәҽи, узыркаро амаҵзурақәҽи, аџьабааи иҽырцәымхьчаӡакәа ихы ихашҭны амҩa дықәын. Иаса иҳәон Ихазы: «Ауаатәыҩса Рԥа имаҵ руларц акәӡам дзылбаа, уи дылбааит амаҵуразы, аӡәырҩы рҿыхразы Иԥсы ақәиҵарц». (Мф. 20:28). Абри аҿы акәын иахьыҟаз Иара иԥсҭазаара ахықәкы хада. Егьырҭ зегьы Иара изы ихадараӡамызт, рацәак рыҵаркуамызт, имаҵзура ацхыраара азҭо ракәны иҟан. Иара изы фатәысгьы, жәтәысгьы иҟаз Анцәа игәаҳәара анагӡара акәын. тәамҩахә ззымдыруаз Иаса иусураан Иара ихгьы, ихатәы интересқәагьы ихашҭуан.Kиa 86.3

    Абас Қьырса илԥха зхьыршоу зегьы иахьынхо адунеи аиӷьтәразы иаарылшо зегьы ҟаҵо аԥсақәҵара иазыхианы иҟазаауеит. Ари аҩыза агәаӷьра иҟалаз аҽыԥсахра иашаҵәҟьазы шаҳаҭра ауеит. Ауаҩы Қьырса иҿы дшынаӡалакь еиԥшҵәҟьа,Kиa 86.4

    иаразнакы агәаҳәара изцәырҵуеит ауаа зегьы иреиҳәарцазы Иаса ихаҭараҿы иара дыширҳаз акыр иаԥсоу иҩыза. Аҵабырг еиқәырхага, аҵабырг рлашага агәаҿы иҭаҵәахны амазаара ҟалаӡом. Қьырса ииашаҳәара ҳаргьы иҳалазар, иара ицсы ҳара иҳасроу аигәырсьарала ҳҭәызар, ҳара а^ымҭра ҳалшаӡом. ҳара Иҳақәиҭу илԥха аабазар, агьама ҳкызар, ҳара иҳам°Уп егьырҭ ираҳҳәаша.Kиa 87.1

    Аҿых(оы дзыԥшааз Филипп еиԥш, ҳара зегьы Иара иҿцәажәарахь зегьы наҳаԥхьалоит. Ҳара ҳеазаҳшәоит Қьырса игәыкреи бла иамбо адунеи аҿы икалараны икоуи урҭ рзаартра. Ҳара иҳазцәырҵуеит агәзыҳәара ду, Иаса дызлацоз амҩа ҳнықәланы, абас ҳакәша-мыкәша иҟоу ираҳҳәаларц: «Абар Анцәа Иаашьҭымҭа, адунеи агәнаҳарақәа зегьы Зхахьы изго”. (Ин. 1:29).Kиa 87.2

    Ҳара егьырҭ анасыԥ рызнагаразы иҳамоу агәзыҳәара, ақәныҳәара ҳаԥнагалоит. Иҳақәиҭу аиқәырхара ҳара ҳхалархәра дазыԥшуп. Иара ауаа ириҭеит ирзааигәоу ауаа Анцәа илԥха рызнаргаратә еиԥш алшара. Ари Анцәа ауаа иранеишьаз, зегьы иреиҳау ҳаҭырқәҵароуп, зегьы иреиҳау гәырӷьароуп. Ари абзиабара аарԥшра иалахәу зегьы акырӡа Изшаз изааигәан иҟалоит.Kиa 87.3

    Иҳақәиҭу илшон ажәҩан амаалықьцәа Иара Иевангелиеи, абзиабареи, агәыӷреи рзы агәырӷьаҿҳәашеи ауаа рызнагара рнапы анҵара. Иара илшон ихықәкы анагӡаразы ихы иаирхәарц егьырҭ ахархәагақәа. Аха Иара ҳәаа змаӡам ибзиабара аарԥшуа Ҳара цхырааҩцәас ҳашьҭихит. Ҳара иҳалшоит Қьырсеи амаалықьцәеи аус рыцура, Ргәырӷьара, рықәныҳәарақәа рыцеиҩшара, ҳара иҳалшоит хацәнымырха абри амаҵураҿы ҳдоуҳа aзырҳара.Kиa 87.4

    Ҳара Қьырса ҳаизыраҳаҭны ицынхара ҳалшоит ҳаиқәырхаразы Иара ихигоз агәырҩа дуӡӡа ҳцәа ианыруа ҳаныҟалалакь. Егьырҭ абзиа рызнагаразы ахмеигӡаратә усқәа рымҩаԥгара ҳара ҳгәы еиҳагьы иарԥшқoит, еиҳа ҳaизааигәанатәуеит, «ималуаҩыз, шәара амал шәоурц азы зыҽрыцҳазтәыз” уи адунеи Аҿыхҩы. (2 Кор. 8:9). Ҳара ҳаԥсҭазаара иишаҵәҟьаны ҳара иаҳзылԥхалоит, ҳара ҳаззишаз аусқәа рынагӡара алҳаршо ҳалагар.Kиa 87.5

    Қьырса ишиҭаху еиԥш ҳара аусура ҳалагар, ҳагәқәа Қьырса иахь иҳархар, ҳара иаҳҭаххо ҳалагоит иҵаулоу адоуҳатә ԥышәа аиура, Анцәа инарҵауланы идырра. Ҳара аиаша ҳазгәышьуа, ҳазҿажәкуа ҳалагоит. Ҳдинхаҵара зырӷәӷәо, амҵаныҳәарала Анцәа иацәажәара ҳашьҭалоит, ҳҿажәкра ахыҽразы ҳагәқәа аихара иалагоит ҳаиқәырхара ахыҵхырҭахь. Аԥсҭазаараҽы иаҳԥыло ауадаҩрақәеи, аԥышәарақәеи Абиблиа иааиԥмырҟьаӡакәа аҭҵаареи, Анцәа имҵаныҳәареи рахь иҳахалоит. Ҳара ҳаизҳара мҩаԥыслоит Қьырса илыԥхеи, идырреи рыбзоурала, адоуҳатә ԥышәа дугьы уа иҳарҳауеит.Kиa 88.1

    Егьырҭ ԥсыцқьала рымаҵура ауаҩы иҟазшьа ҭышәнартәалоит, Қьырса ихыжжо ибзиабареи, иԥсахра ззнымԥшо азыҟазаашьеи изааргоит агәҭынчреи анасыԥи. Ауаҩы ихы ззикуа зегьы еиҳа ахаацәа рхалоит, аашьареи, ахамхабзиареи рзы ҭыԥ аанха изыҟалаӡом игәаҿы. Ақьырсианра иатәу абзиарақәа рыла инхо ауаа рдоуҳа иазҳауеит, Анцәа имаҵураҿгьы акырӡа аӷәӷәара рныԥшуа иҟалоит. Дара рдоуҳатә лаԥшы еилыкка ицқьахоит, ироуеит гәыҩбара знымԥшуа Анцәахаҵара, рматанеира иаиуа амчра ду. Анцәа идоуҳа ауаа рыгәқәа рахь анырра ду ҟаҵо, иԥшьоу ацәаныррақәа арҿыхо иалагоит. Абaс ала гәык-ԥсыкала егьырҭ рзы абзиа аҟацаразы аџьа збо ауаа зегьы раасҭа ииашаны иазнеиуеит рхы аиқәырхара азҵаатәы.Kиa 88.2

    Ҳара лыԥхала ҳаизҳара алыршахоит гәыкԥсыкала, хацәанмырха Қьырса Ҳабӷа иқәиҵаз аусқәа рырҿиарала, ацхыраара зҭаху аразҟы роурацы ҳара иҳалшо зегьы аҟаҵареи, - Ҳара ҳаӷәӷәаӡа ҳҟанаҵоит иааиԥмырҟьаӡакәа аусура - иара уи ауп аԥсҭазаараҿы зегьы ираԥхьагылоу аԥҟарагьы. Қьырса изы акгьы ҟамҵаӡакәа здоуҳатә ԥсҭазаара еиқәзырхарц зҭаху диеиԥшуп ус муӡакәа акрыфара зҭаху. Змахәҿқәа аус дзырур зҭахым ауаҩы хара имгакәа урҭ рхархәашьагьы илымшо дҟалоит. Абас Анцәа ииҭаз амч ахархәара злымшаз ақьырсиан Қьырса ила деизҳауа дзыҟалаӡом, имаз амчрагьы ицәыӡуеит.Kиa 88.3

    Қьырса иуахәама - Анцәа ауаа реиқәырхаразы иазԥхьагәеиҭоз хархәагоуп. Иара ахықәкы хада - Евангелиа адунеи зегьы ахарҵәара ауп. Уи азы аҭакԥхықәра ақьырсианцәа зегьы ирыдуп. Дарбанзаалакь дасу иара илшарақәеи игәарцҟәыли инарықәыршәаны Ҳаиқәырхаҩы (Ҳҿыхҩы) инапынҵақәа наигӡалар ауп. Ҳара иаҳзаатыз Қьырса ибзиабара Иара дыздыруаз зегьы рҿаԥхьа ауалԥшьа ҳадны ҳҟанаҵоит. Анцәа алашара ҳара ҳхазы мацара акәӡам изҳаиҭаз, егьырҭ ауаагьы ирхьаҳагӡарц азы ауп.Kиa 89.1

    Қьырса ишьҭанеиуа руалԥшьақәа еилыкка ирбо иҟазҭгьы, амырҭаҭра иахаҵгыло рыҟны иахьа аӡәы заҵәык иакәӡамызт ажәабжь ҿыц еиҭазҳәалоз, зықьҩыла Евангелиа еиҭаҳәаҩцәа ракәхон. Ари аџьа хаҭала ахалархәра злымшо иҟалоит рхатәы хархәагақәеи, рныҳәарақәҽи, рыла ацхыраара аҟаҵара. Ақьырсиан тәылақәа рҟынгьы аԥсы аиқәырхаразы аусура еиҳа иԥхылдан иҟалоит.Kиa 89.2

    Анцәа иусқәа ҳҭаацәарақәа рҿи ҳтәылақәа рыҟни амҩаԥгара уалԥшьас иҳақәзар, ихароу атәылақәа рышҟа ҳцара аҭахӡам. Ҳара иҳалшоит аҵабырг аларҵәара ҳҭаацәарақәа рыҟны ауахәамақәа рыҟны, аус зцаҳуеит, ҳзыҿцәажәои ауаа рыҩнуҵаҟагьы.Kиa 89.3

    Аҿыхҩы (Аиқәырхаҩы) адгьыл аҟны иԥсҭазаара аӷьырак ихигеит ихақәырԥса аус ахьиуаз Назареҭтәи ауасҭа иусура ҭшәа аҟны. Анцәа Иԥа шиакәу ззымдыруаз адгьылқәаарыхцәҽи аџьауааи Иасеи анеицәажәалоз Иара ивара иҟан Амаалықцәа. Иаса Ихатәы ус данаҿызгьы, ачымазаҩцәа анихәышәтәуазгьы, Галилеитәи амшын ацәқәырԥа данхызгьы Иуалԥшьа анагӡара дацәхьаҵӡомызт, дазыхиан. Ҳаргьы иҳалшоит рацәак зҵазымкуа ҳхатәы дҵақәа нагӡауа, маҵура дук ҳахагылаӡамкәа Иаса дҳаларгыланы анхара, аус аура.Kиa 90.1

    Ацҳаражәҳәаҩы Павел иҩуан: «Дасу шәызлаҟоу ачын ала сашьцәа, Анцәа иҿаԥхьа шәыҟаз”. (1 Кор. 7:24). Анхаҩы — ақьырсиан ԥсыцқала иусурaҿы иҭакԥхықәрақәа рынагӡарала илшоит Иҳақәиҭу ихьӡ аларҵәара. Қьырса Ишьҭанеи иаша иакәзар идинхаҵара иусқәа зегьы ирныԥшлоит, Қьырса идоуҳа ауааԥсыра зегьы ирызнагауа. Аџьабзиабаҩ, аусуҩ иаша иныԥшыр алшоит Галилеи ахәқәа рҿы данынхоз рацәак зҵазымкуа аус ҽазышәара дуӡӡала иназыгӡалоз ихаҽсахьақәа Сқьырсиануп ҳәа зхы иазызҳәо дарбанзаалакь убас аус иулароуп, иара аус бзиақәа збо зегьы ҳазшази Ҳҿыхҩи рыхьӡ аларҵәара рылшо иҟалартә еиԥш.Kиa 90.2

    Џьоукы рхатәы лшарақәа рыла Қьырса имаҵура мап ацәыркуеит, уи азы еиҳа аҟыбаҩ дуқәа злоу ауаа ыҟоуп ҳәа азгәаҭаны. Дара ргәаанагарала Анцәа имаҵ рулароуп аҟыбаҩ ҷыда злоу ауаа Аӡәырҩы ргәы иаанагоит Анцәа уи аҩыза аҟыбаҩ ҷыда рылеиҵеит ҳәа иалкаау џьоукы, егьырҭ иаанхаз зегьы уи аус аҽалархәра иадԥхьалаӡам, уи анагӡарагьы хьӡы рзалаӡам.Kиa 90.3

    Аха аҟыбаҩ ҷыда злоу ирызку аҳәамҭақәа рыҟны ус ҳәаӡам. Аԥшәма имаҵуҩцәа данаарыԥхьо, дасу рнапы иану аусқәа дирбоит.Kиa 90.4

    Рацәак зҵазымкуа хус ааинырслақәа «Иҳақәиҭу изы” иҟаҳҵошәа бзиа ибаны инаҳагӡалароуп. (Кол. 3:23). Анцәа ибзиабара ҳӷәаҵа ианҭоу, есыҽнытәи ҳаԥсҭазаареи, ҳзышьцылоу хусқәеи зегьы ирнубаало иҟалоит. Ҳара ҳакәшамыкәша Қьырса ифҩы хаа лаҳа-лаҳауа иго, алыԥхагьы егьырҭ ирныруа иҟаҳҵоит.Kиa 91.1

    Анцәа имаҵуразы иаҭахӡам аҭагылазаашьа маншәалеи, алшарақәеи, мамзаргьы аҟыбаҩ џьашьахәтәи рзыԥшра. Ауаа ҳара ҳзы ирҳәаришь ҳәа шәгәы шәҭымхалан. Есьҽнытәи шәыԥсҭазаара шәдинхаҵара ацқьареи, аартыреи рзы шаҳаҭра руа иҟазар, шәара абзиа рызнажәгарц шышәҭахыз ауа агәра рго иҟалоит, шәара шәџьабаагьы усҟан ибашахаӡом.Kиa 91.2

    Зегьы раасҭа зҽанрааланы, иманшәаланы иҟоу Иаса иҵаҩцәа рылаԥха егьырҭ ироуратәы иҟалоит. Дара бзиара ҷыдак шыҟарҵо анрызгәамҭо рацәоур, аха дара иҟарҵо анырра бзиа иалшоит зҽырӷәӷәо хара инаӡо ақәныҳәара ацәқәырԥа ду азырҳара, дара урҭ Иаса ишьҭанеицәа иҟалоит дара иҟарҵо анырра алҵшәақәа ртәы рзымдырӡакәа иаанхар наунагӡа ироураны аџьшьара анрыҭахо аҵыхәтәантәи амш аҽнынӡагьы. Дара рхахьгьы инеиуам ус дуӡӡак иаҿуп ҳәа. Урҭ реиԥш иҟоу ауаа ақәҿиара аура азхәыцра рҭахӡам, ҭынч, ԥсаҭала, Анцәа рнапы ианиҵаз аус нагӡа ԥхьа инеироуп ирусу. Усҟан урҭ рыԥсҭазаара башахаӡом. Дара еиҳа-еиҳа Қьырса еиԥшхо иалагоит. Ари ҳаԥсҭазаараҿы Анцәа имаҵуҩцәаны иҟаны, дара ԥхьаҟа еиҳа иҳараку ауси, агәырӷьара лаша зцу аԥсҭазаареи реазыҟарҵоит.Kиa 91.3

    Larger font
    Smaller font
    Copy
    Print
    Contents