Loading...
Larger font
Smaller font
Copy
Print
Contents
  • Results
  • Related
  • Featured
No results found for: "".
  • Weighted Relevancy
  • Content Sequence
  • Relevancy
  • Earliest First
  • Latest First
    Larger font
    Smaller font
    Copy
    Print
    Contents

    Аныҳәара аԥыжәара

    Аԥсабара ала, аартырақәа рыла, ҳара иҳаиҭо Ахылаԥшрала, Аԥсы Ацқьа иҟаиҵо анырра ала Анцәа ҳара дҳацәажәоит. Аха абраҟа Иареи ҳареи ҳаимадара аԥкра ҟалазом. Иара ҳара зегьы азәазәала Иара изааҳартлароуп ҳагәқәа. Адоуҳатә ԥсҭазаареи, амчреи ҳамазаарц азы, ҳара иҳамазар ауп Ажәҩaнтә Аб ҳареи, еиԥҟьара зқәым, аиҿцәажәара, ҳара ҳагәҭахәыцрақәа зегьы Иара иахь иҟалоит ихазар. Ҳара иҳалшоит Иара иусқәеи, Иара игәаԥхареи, иҟаиҵо ақәныҳәарақәеи рызхәыцра, аха уи ала Иареи ҳареи инагӡаӡаны ҳаиҿцәажәара зыҟалазом. Анцәа имаада иаша ҳаурц азы, ҳара Иара изеиҭаҳҳәалароуп ҳаԥсҭазаара, ҳгәырӷьарақәа ртәы, ҳалахь еиқәызҵо ртәгьы.Kиa 100.1

    Ҳныҳәараҟны ҳара ҳагәқәа Анцәа изааҳартуеит ҩызак иаҳасабала. Ус аҟаҵара захәҭоу, ҳара ҳзусҭацәоу Анцәа издыруам ҳәа акәзам, уи заҳҭаху иара идкылара ҳалшаратәы аҟаҵара ацхыраара аҭаразы ауп. Аныҳәара Анцәа ҳара даҳзааигәанатәзом, ҳара Анцәа ҳаизааигәанатәуеит ауп.Kиa 100.2

    Адгьыл аҿы даныҟаз, Иаса Иара иҵаҩцәа аныҳәаразы ириҭеит аурокқәа. Иара дара иреиҳәон Анцәа иҿаԥхьа ес-сыҽнытәи рҭахрақәа раартра шахәҭоу, иара иахь ишиагатәу дара рмаҵурақәа зегьы. Аҿыхҩы урҭ рныҳәарақәа Иара иҿынза ишнагахо азы ажәа риҭоит. Уи ажәа иара ҳаргьы ԥаҵанакуан.Kиa 101.1

    Иара Иаса ихаҭагьы, ауаа рыгәҭа данынхоз, лассы-лассы Анцәа диҳәалон. Иара ихахьы игеит ҳара ҳҭахрақәеи, ҳаԥсыҽрақәеи, иааиԥмырҟьазакәа аԥышәарақәа раиааиразы, Амаҵзуразы амчра ҵәахы ҿыц Имазаарц азы, ацхыраара иҭаразы Жәҩантәи Аб ишҟа иҟаиҵахьан аҳәара. Иаса хабалакь ҳара ҳзы дыҟоуп зегьы рзы дҿырԥшыган. Ҳара ҳамчыдарақәа раан Ешьара ҳзиуан, Иара «ҳара ҳаиԥш иаргьы зегьы рзы дԥышәан», аха ацәгьара агәыхынҳәыра изнарҵасуан азы, гәнаҳаракгьы даҵамлаӡеит. Агәнаҳақәа рдунеи әҿы Аҿыхҩы акыр гәыԥжәарақәеи, гәеибафарақәеи ихигеит. Иара изы Анцәа имҵаныҳәарақәа зыда ԥсыхәа Имам ракәны иҟан. Иаби иареи реиҿцәажәарақәа Иара игәы дырдон, ддыргәырӷьон.Kиa 101.2

    Ауаа Рҿыхҩы, Анцәа Иԥа Анцәа имҵаныҳхарада аҟазаара илымшозар, нас ҳара ауаа, аԥсыҿқәа, агәнаҳаҟаҵаҩцәа, аԥсра зқәашьу акырза еиҳангьы ҳцәа ианырроуп иааиԥмырҟьазакәа Анцәа имҵаныҳәара ада ԥсыхәа шҳамам.Kиa 101.3

    Ҳара Ажәҩантә Ҳаб дазыхиоуп илыԥха зегьы шеибаку ҳара ҳаҭара. Ҳара иҳамоуп алшара иааиԥмырҟьазакәа ҳәаа змазам абзиабара ахьҵхырҭа аҟнытә азыхь ажәра. Нас иџьашьатәзами «ҳара абас имаҷны ҳара Анцәа ҳахьиҳәо! Анцәа игәарԥханы дазызырҩуеит Иара ихәыҷқәа зегьы раасҭа иҟәу (смиренный) гәык-ԥсыкала иныҳәара» аха ҳара еснагь ҳаццакзом зыда ҳхәарҭам ртәы иара иҿаԥхьа аартра. Нас ргәы иаанагозеи ажәҩан Амаалықьцәха аԥыжәара ззышьҭымхыз арыцҳахәқәеи, ахмыхәацәеи анырбалакь, ҳәаа змаӡам бзиабарала згәы ҭәу Анцәа дазыхиоуп дара шаҟа рҭаххарци, иаҳәарци рылшо аиҳа рыҭара, аха дара уарла-шәарла ауп ишныҳәо, анцәахаҵарагьы шаҟа имаҷны ирылоузеи? Амаалықьцәа бзиа ибаны Анцәа имац руеит, дара гәаҳәарыла Иара иааигәа аҟазаара рылдыркылоит. Анцәа иҿцәажәара дара рзы - игәырӷьара дуззоуп. Убри аамҭазы, иара Анцәа заҵәык зыҟаҵара илшо ацхыраара акырза аизҭаху ҳара, адгьыл ахылҵшьҭра, зҽалаҳагзошәа ауп ҳшыҟоу Иара иҿцәажәарада аҟазаареи, Иара идоуҳа алашарада анхареи.Kиa 101.4

    Аџьныш алашьцареи ицеикуеит Анцәаиҳәара мап ацәызкуа зегьы. Аӷа рлымҳа иҭеиҭәҳәо ажьжьагақәа агәнаҳаҟаҵарахь инарыԥхьоит. Арҭқәа зегьы зыхҟьо Анцәа иранеишьаз аныҳәхәарақәа хырҩаа ахьрырҭо ауп. Анцәаиҳәара - ари, зегьы зымчу ҳәаа змазам илшарақәа ахьҭаҵәаху ажәҩан хьыҵәцара аазыртуа Анцәаихаҵара Анапаҿы иҟоу ацаԥха ауп.Kиa 102.1

    Агәеанызаареи, иааиԥмырҟьазакәа аинцәаиҳәарақәеи рыда ҳара ҳҟалар ҟалоит хара имхәыцуа, аиашамҩа иацәыхҟьаз џьоук ҳакәны. Аӷа иааиԥмырҟьазакәа алыԥха аҟазаарҭахь инагоу амҩа даԥырагылоит. Иара иганахь ала иааилшо зегьы ҟаиҵоит ҳара анцәаиҳәареи, анцәаихаҵареи ҳазхьамԥшларц азы, алԥхеи, аԥыжәагақәа ҳазлыриааиша амчи ҳрылхәыдаан ҳҟаларц азы.Kиa 102.2

    Иаадыруа аҭагылазаашьақәа раан Анцәа аныҳәабыжьқәа шиаҳауа, рҭакгьы шыҟаиҵауа азы ҳара иҳалшоит агәра ҳгалар ҳалшоит. Зегьы ираԥхьагылоу ҭагылазаашьаны иҟоуп ҳара ҳхаҭақәа Иара ицхыраара ада ԥсыхәа шҳамам азхаҵара. Иара ажәа ҳаиҭоит: «Сара иҿажәкуа азы изҭыстуеит, аҩара иaҿу арҩаш изыласышьҭуеит». (Ис. 44:3). Aиашадырра иазгәышьуа, зызхара ҟамло, гәыла-ԥсыла Анцәа иахь аихара иаҿу, уи илшоит изхара шыҟало агәра игарц. Анцәа илԥха ануоуа Аԥсы Цқьа иҟанаҵо анырра аиуразы угәы аартны уаныҟоу ауп.Kиa 102.3

    Ҳара иахьа аҭахра акыр иаҳныԥшуа ҳахьыҟоу ҳара иҳахәаша, зхала ицәажәо ршаҳаҭгоуп. Аха убри азы, ҳара Ҳазшаз иахь ҳхьаԥшлароуп иара ҳҭахрақәа зегьы рҭак ҟаиҵарц азы. Иара иҳәоит: «Шәаҳәа, нас ишәоуеит”. «Зыҷкәын имеигзаз, ҳара ҳзы Иара дызҭииз, Ишԥаҳаимҭауеи, нас Иара, ҳара дҳадкыланы, ишԥаҳаимҭауеи зегьы». (Мф. 7:7; Рим. 8:32).Kиa 103.1

    Ҳара ҳгәаҿы иҭаџьгәаны иҳамазар ацәгьа, агәнаҳарақәак ҳрыдҳәалазар, ҳазшаз иаҳарангьы дыҟазам ҳара ҳныҳәарақәа. Аха иахьхәыз, згәы ҭаԥены иҟоу рныҳәарақәа еснагь уи иаҳауеит, иагьидикылоит. Аха ҳара адунеи ахаангьы ҳара ҳабзоурала иҳаурц иҟазам Анцәа илыԥха. Иаса Қьырса ибзоура заҵәык ҳара изылшо ҳаиқәырхара, Иара Ишьа заҵәык ауп ҳара ҳрыцқьара зылшо. Ус егьа иҟазаргьы, арҭ зегьы ирылшазом ҳара ҳидикыларц азы иаҭаху аҭагылазаашьақәа зегьы раԥыхра.Kиa 103.2

    Ахаҵара - аныҳәара маншәаланы амҩаԥысразы иаҭаху аҭагылазаашьақәа ируакуп. «Ус иахәҭоуп, Анцәа иҟны инеиуа ихеиҵароуп Иара дшыҟоу, иара ишьҭоу ихәҭоу шииҭо”. (Евр. 11:6).Kиa 103.3

    Иаса иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Шәныҳәараан шәызмыҳәаз зегьы, агәра Ганы шәыҟаз ишшәоуа - иагьшәоуеит». (Мк. 11:24). Ари иара иажәа ҳара иаҳгома агәра?Kиa 103.4

    Қьырса агәрагара Имоу ҳәаа амазам. Иара ииҳәо ажәа деижьазом. Ҳара ҳзыҳәаз иаразнакы иаҳмоургьы, ҳара ҳазшаз, ҳабжьы шиаҳаз, ҳныҳәара аҭак шыҟаиҵо агәра аагалароуп. Ҳара ҳҭахрақәа рҿы агха аҟаҵара ҳзымариоуп, хара анаԥшрагьы анҳалымшо ыҟоуп, убри аҟнытә зны-зынла ҳаҳәоит ҳара разҟы ҳзаазымгаша акы. Жәҩантәи ҳаб урҭ зегьы ртәы идыруеит аҟнытә, ҳара иҟахҵаз аҳәара аҭак ҟаҵо иаҳзааишьҭуеит, хықәкыла ҳара ибзиа ҳзазгаша, хыхьынтә ҳахшыҩ ркканы, ҳамҩаҿы иааҳԥыло зегьы рҵакы иашаҵәҟьа еилкка иаабо ҳаҟаны, ҳара ҳхаҭақәа гәы ҭыӷьӷьаала ҳхы иаҭәаҳшьарц иаҳҭаххоз зегьы. Ҳара иҟахҵаз амҵаныҳәара аҭак аалазом ҳәа ҳгәы ианаанагогьы, ҳара Анцәа илԥха аиура ҳақәгәыӷлароуп, - аамҭа анааилакь уи аҭакгьы ҟалоит, ҳаргьы иҳауеит зегьы раасҭа ҳзызхьаауаз ақәныҳәара. Амала, ҳара ишаҳҭаху еиԥш, ианаҳҭаху абри аамҭазы аҭак ҳауеит ҳәа ашьақәырӷәӷәара ахы ақәгәыӷцәара атәы ауп иаҳәо. Анцәа гха ҟаиҵаӡом, иҟәышра ҳәаа амазам азы, илԥха иашьҭоу зегьы ироуеит, убас иразрагьы ҳәаа амаӡамкәа иҟоуп. Убри аҟнытә Шәара шәымҵаныҳәарақәа рҭак иаарласны ишәмоургьы, шәацәымшәакәа Иара игәра Жәгала. Иара ишәиҭаз ажәа шәақәгәыӷла: «Шәаҳәа, шәара иагьшәоуеит». (Мф. 7:7).Kиa 103.5

    Ҳара гәеиҩбарақәа, ҳшәарақәа иҟарҵо аныррақәа ҳҳәынҷаны ҳрымазар, мамзаргьы ҳахшыҩ кьаҿ иҭамзо аилкаареи, аиҭаҳәареи ҳҽазаҳшәо ҳалагар, усҟан ҳауадаҩрақәа еиҳагьы ирыцлоит ауп. Ус акәымкәа ҳамчыдареи, ида ԥсыхәа шҳамами азхаҵауа Анцәа иҿаԥхьа ҳаагылар, ҳаҟәны, Анцәа дазхаҵаны ҳҭахрақәа зегьы зҳәаа ԥкым ахшыҩҭра, Иишаз зегьы рҿы зегьы збо, ихатә гәаԥхарала, ихатәы ажәала зегьы напхгара рызҭо иҿаԥхьа иааҳартыр, - усҟан иара ара иҟаҳцо аҳәара абжьы аиуеит, Ихатәы лашарала ҳагәқәа ирлашоит. Амҵаныҳәара иаша амҩaԥгараан ҳара ҳазааигәахоит зҳәаа ԥкым ихшыҩҭра. Убри аамҭазы, иҟалап, ҳара ҳаиқәырхаҩы бзиабарала, ҳрыцҳашьауа, гәыԥшқала ҳамаҵ уа дшааҳхагылаз азы ихықәкылатәу аршаҳаҭгақәа ҳаманы ҳзыҟамларгьы, насгьы уи ҳшадкьыслаз ҳцәа ианымыррыргьы.Kиa 104.1

    Ҳара Анцәа иҟнытә алыԥхеи. Ақәныҳәареи ҳанаҳәо, ҳхаҭақәа аҭамҵареи, абиабареи рыла ҳаҟазар ауп ҳаҭәны. Абас амҵаныҳәара ҟаҵо: «Иҳанажь ҳара ҳуалқәа, ҳара ишранаҳажьуа еигҭш ҳара ҳуал зқәу руалқәа”. (Мф. 6:12). Ҳара ҳааигәа иҟоу иҳалшома ранамыжьра? Ҳара Анцәа ҳамҵаныҳәабжьы иаҳауеит ҳәа ҳаназԥшу, ҳара иҳанажьхо ҳәа ҳзызԥшу аҟара егьырҭгьы иранаҳажьлар ауп.Kиa 105.1

    Иааиԥмырҟьазакәа амҵаныҳәара - хра злоу акоуп узыҳәо аиуразы. Ҳара ааԥсара ҟамҵакәа ҳныҳәалароуп адинхаҵара ҳалаазауа, адоуҳатә ԥышәа шьҭкаауа ҳаизҳаларц азы. «Аныҳәара шәaҿыз иааиԥмырҟьазакәа, иара аҟны шәҿыхала аџьшьара аҭо”. (Кол. 4:2). Ацҳаражәҳәаҩ Петр адинхаҵаҩцәа ирыҵеиҳәоит: «Шәҟәышны шәыҟаз, шәныҳәауа шәҿыхала» (1 Петр. 4:7). Ацҳаражәҳәаҩ Петр имҩақәиҵоит: «Шәҭахрақәа еснагь амҵаныҳәарақәеи, аџьашьара зцу аҳәарақәеи рыла иаашәыртла Анцәа иҿаԥхьа». (Флп. 4:6). «Шәара, абзиабаҩцәа, - иҩуеит ацҳаражәҳәаҩ Иуда, - Аԥсы Цқьа шәамҵаныҳәо, Анцәа ибзиабарала шәыхқәа еиқәшәырхала”. (Иуда. 20:21).Kиa 105.2

    Иааиԥмырҟьазакәа амҵаныҳәара еилшәара зқәым ҳара ҳагәқәеи Анцәеи реилаҵәара ҟанаҵоит, иара иабзоураны Анцәа иҟнытә иаауа аԥсҭазаара ҳарра ҳаԥсҭазаара иалалоит, ҳаргьы Иара дҳаргәырӷьо ҳалагоит ицқьаӡа, иԥшьаӡа иҟоу ҳара ҳаԥсҭазаарала.Kиa 105.3

    Амҵаныҳәара акгьы аԥырхагамхаларатәы еиԥш, хымԥада, иҟаҵалатәуп. Шәылшара зегьы ақәышәца Иасеи шәареи шәеимадара еснагь ихарҭәааны, игәырӷарахәны иҟазаарц азы. Иарбанызаалакь иҟоу алшарақәа шәхы иашәырхәала Анцәа имҵаныҳәарақәа рыбжьы ахьықәыҩуа аҭыққәа рыҟны. Ҳазшаз имеида рҭахыҵәҟьаны иашьҭоу ауаҩы, амҵаныҳәаразы аееизгарҭа ҭыԥқәа рахь днеилоит, ԥсыцқьала иуалԥшьақәагьы наигзалоит. Анцәа дара ишәзыҟасҵоит ҳәа зеиҳәаз ақәныҳәарақәа раиуразы гәырҭәыла иазыхиоуп, иара убас иҟоу иарбанызаалакь лшарак ахархәарагьы ажәҩан ашәахәа алашара ргәаҵақәа ахьарԥхаша аҭыԥ аҟны иҟаларц азы.Kиa 105.4

    Ҳара ҳҭаацәарақәа рыгәҭа амҵаныҳәара мҩаԥаагалароуп, аха убри аамҭазгьы ахала амҵаныҳәара атәгьы ҳхамышҭлароуп: иара убра ауп ҳгәаҭақәа рымаза ахьҵәахугьы. Ахалазаҵәыктәи амҵаныҳәара мап ацәкны Анцәа илԥха уманы аизҳара, аӷәӷәахара залшазом. Аҭаацәаратә, мамзаргьы азеиԥштә мҵаныҳәарақәа рымҩаԥгара азхазом. Нас иааҳартып ҳара ҳагәқәа зегьы збо Анцәа иблақәа рҿаԥхьа.Kиa 106.1

    Ахаламацар имҩаԥгоу амҵаныҳәара Анцәа заҵәык иоуп изаҳар иҟало. Анцәа ида азәгьы иаҳар ҟалаӡом амаӡа ҳәарақәа. Анцәеи иареи рымацара еизынханы ианыҟоу, иныҳәо атәым нырреи, агәеибафареи рыҟнытә ихы дақәиҭны дҟалоит. Ҭынч, аха иаартны, ԥхамшьарада илшоит Анцәа иахь ааԥхьарақәа рыҟаҵара. Амаза збои, агәаҵа аҟнытә иаауа амҵаныҳәара заҳауеи роуп анырра бзиа зхылҵуа. Агәрагара зыԥсабароу ауаҩы Анцәа иацәажәара илшоит, аҩсҭаа иабашьраҿы дыӷәӷәаза, дзаҵәза дҟамларц азы уи Анцәа иҿынтә иаауа алашара ашәахәақәа идиԥхьалоит.Kиa 106.2

    Шәхалазаҵәыкгьы шәныҳәала, иара убас есымшатәи шәусқәеи, шәмаҵурақәеи рынагзараангьы, лассы-лассы шәыгәқәа Анцәа иҿаԥхьа иаашәыртла! Убысҵәҟьа акәын Енах дышныҟәоз «Анцәа дицны». Абас маза амҵаныҳәарақәа, фимиам еиԥш, џьанаҭра ахьыҟоу ахь ихалоит. Аҩсҭаа дизиааиӡом згәы Анцәа дҭоу ауаҩы.Kиa 106.3

    Анцәа имҵаныҳәара ҟалоит иарбан аамҭазаалакь азы, иарбан ҭыԥзаалакь әҿы. Иарбанзаалакь акагьы иалшазом ҳара ҳагәқәа гәыкԥсыкалатәи амҵаныҳәараҿы раартра. Амҩақәа ршыкьыбжьы иалагзаны, ауаа рыгәҭа, мамзаргьы ессыҽнатәи ҳусқәа ҳанарҿугьы ҳара иҳалшоит Анцәа иахь ҳхы рханы ацхыраара, анапхгара ҳаиҭаларц азы иҳәара, Неемиа аҳ Артаксерксу иахь аҳәара аныҟаицалоз ишыҟаиҵалоз еиԥш. Анцәа имадара ацҵара ҟалоит хабалакь. Ҳара ҳагәқәа рҿы иҿоу ашәқәа еснагь иаартны иҟазар ауп Иаса иааԥхьараан, ԥырхага имамкәа, ҳгәаҭа дааҭаларазы жәҩан ахьтә дсасы дахьны.Kиa 107.1

    Ҳара иааҳакәыршаны иҟазар ҟалоит иԥхасҭоу, аилаҳара иаҿу аԥсабара, аха уи иаҳзеицәоу ахлҩа-ԥсылҩқәа рыла ҳаԥсыԥ лаҳамга-ҩаҳамгар ҟамло иҟазам, избан акәзар, ҳара иҳамоуп алшара ажәҩан аҳаир цқьаҿы ҳанхаратәы еиԥш. ҳагәқәа гәыкԥсыкала Анцәа иахь ирхоу амҵаныҳәхара мҩаԥго, ҳара иҳалшоит ҳхы реацәыхьчара ахәыцра ҟьашьқәеи, ахәыцра бааԥсқәеи. ауаа, зыгәқәа Анцәа иныррақәеи, иқәныҳәарақәеи рзы еснагь иаарту инхалоит еиҳа ицқьоу, иԥшьоу аҳаир аҟны, иааиԥмырҟьазакәа ажәҩaни дареи еиҿцәажәалоит.Kиa 107.2

    Ҳара Иаса еиӷьны даадыруазар ауп, насгьы ԥсра зқәым аиашарақәа иҟоу ихарҭәааны ҳхаҿы иааҳгалар ауп. «Абзиа зчаԥо аԥшьарала” Анцәа ихшаара зегьы рыгәқәа ҭәызар ауп ихыхәхәа. Убри аҩaзара азнеиразы ҳара ажәшн аҵабыргқәа раатразы ҳашьҭазар ауп Ианцәахылҵшьҭроу арккара.Kиa 107.3

    Ҳара ҳагәқәа ҩaда, Анцәа иҳаҭәеишьаз, ицқьаза иҟоу ажәҩaн аҳаир ахь ихазааит. Ҳaра иҳалшоит Анцәа иааигәара аҟазаара, ҳгәы ҳҽанзамкәа ҳԥышәара иазынархоу акы ҳанақә- шәалакь ҳхәыцрақәа Иара ишҟа иаразнакы ихартә еиԥш, уи убас иҟалароуп иҳаԥсабаратәханы, ашәҭ амра ашҟа ишхышәҭуа еиԥш.Kиa 107.4

    Анцәа иҿаԥхьа иаашәыртла шәҭахрақәа, шәгәырҩақәа, шәгәырӷьарақәа, шәмаҵурақәа, шәшәарақәа! Шәара уи ала уи дшәырааԥсаӡом, еидара даҵашәҵаӡом. Шәара шәхы ахыцәхәыцқәа акакала рыԥхьазара зылшо, шәара иара ихшара шәзызхьаауа зегьы хьаас имкыр залшазом. «ҳазшаз шьарда игәы ԥшқоуп, дрыцҳaшьаҩуп”. (Иак. 5:11). Бзиа ҳазбо игәы ҳара ҳгәаҟра иныруеит. Урҭ ртәы ҳара ианизеиҭаҳҳәо, иаргьы ҳара ҳаиԥш игәахы еибакуеит. Шәара ишәгәамԥхо, шәгәы змырҭынчуа зегьы шәыманы шәнеила Иара иахь. Иарбан еидаразаалакгьы иара изы рацхак хьанҭара аныԥшуа иҟаӡам: Иара иоуми адунеиқәа зегьы знапаҿы иҟоу, дгьыли - жәҩани зегьы напхгара рызҭо! Ҳара ҳгәаҭа, ҳаонуҵҟатә дунеи иадҳәалоу зегьы Иара изы акрызҵазкуа акакәны иҟоуп. Иҟазам ҳара ҳаԥсҭазаара аҭоурых атәы зҳәо даҟьакгьы, егьа еилахәапашьа иҟазаргьы, Иара дзыԥхьаны изеилмырго; иарбанзаалакь ҳара иаҳзеилмырго уск егьа ицәгьазаргьы, иара илшоит уи aҿы ацхыраара ҳаҭара. Иара иишаз ихәыҷқәа ирзааирц иҟало иарбанзаалакь арыцҳарақәа, иарбанзаалакь агәҭынчымрақәа, агәы хыҭ-хыҭрақәа, иарбаннызаалакь агәырӷьарақәа, гәыкԥсыкалатәи амҵаныҳәара цыԥхьаза абарҭ зегьы зхы алазырхәуа Жәҩантәи ҳара Ҳаб илаԥш иацәцо акгьы ыҟазам. «Иара аԥсҭазаарахь иргьежьуеит згәы ҭаԥены иҟоу, рыгәжәажәарақәагьы хиҽуеит изхәышәтәуа». (Аԥс. 146:3). Дарбанызаалакь ауаҩи Анцәеи рыбжьара иҟоу аизыҟазаашьақәа харҭәаауп, еилыкка иҟоуп, иара убри ауаҩы заҵәык иакәушәа зыԥсы ҭаны, Жәҩантәи ҳаб дызхылаԥшуа адәы иқәу, насгьы зеиқәырхаразы Иара бзиа иибоз Иԥа иԥсы зқәиҵаз.Kиa 108.1

    Иаса иҳәеит: «Саб шәара шәзы сиҳәоит ҳәа Сара ишәасҳәазом, Сыхьзала шәара шәиҳәала; избан акәзар Сара Саб ихаҭа шәара усгьы бзиа шәибоит». «Сара шәара шәалскааит, избан акәзар Сара сыхьӡала Ҳаб шәзызиҳәо зегьы, Иара Шәара ишәиҭоит». (Ин. 16:26,27; 15:16). Иаса ихьӡала амҵаныҳәара ус уи ахьз Анцәаиҳәара алагамҭази, ахыркәшамҭази агәаларшәара аасҭа акырза еиҳауп иаҵанакуа. Уи иаҵанакуа Иаса иҭахрақәеи, игәаҳәареи инарықәыршәаны аныҳәара ауп иаҵанакуа, Иара иажәа агәра хаҵаны, Иара илԥха ақәгәыӷрала, Иара иусқәа нагӡауа.Kиa 109.1

    Анцәа иҳадиҵазом ҳара ҳманахцәаны ҳҟаларц, мамзаргьы ауаа ҳрылҵны, Иара имаҵура заҵәык ҳхы азкра хықәкыс иҟаҵаны хазы ҳцаны анхара ҳалагарцгьы. Ҳара ҳанхалароуп Қьырса дшынхо еиԥш: аџьаҿы, амҵаныҳәараҿы. Акгьы ихы азымкыкәа, Анцәаиҳәара мацара иаҿу ауаҩы, Анцәаиҳәара даҟәыҵуеит иаарласны, мамзаргьы шьцылараны иҟалоит иара инцәаныҳәарақәа. Ауаа, ауаажәларратә ԥсҭазаара ахарлархәра ианаҟәыҵлакь, иара убас аџьар аныҟәгарагьы. Усҟан урҭ аҟәыҵуеит дара рзы ааԥсарада еснагь аԥхзы казҭәоз Ҳазшаз изы аусура; дара арккареи, ахрыцқьареи рзыҳәа иарбанызаалакь гәазыҳәарак аарԥшра иаҟәыҵуеит. Дара рныҳәарақәа дара рхы заҵәык иадырҳәалалоит. Дара ирылымшо иалагоит ауаатәыҩса рҭахрақәа рзы, Қьырса Иаҳра аԥҵаразы, иара имаҵуразы амч-алша рыҭаразы аныҳәара.Kиa 109.2

    Ҳара акыр ҳцәызуеит Анцәа имаҵ ааурц азы ҳара-ҳара ҳгәы аибарӷәӷәаразы, аибарҿыхаразы ҳажәҩахыр аибыҭара хырҩа аҳҭо ҳалагар. Иара иажәақәа рҵабыргра ҳара ҳзы иамаз аҵаки, амчреи рцәызуеит. Урҭ ҳара ҳагәқәа уаҳа ирзырлашаӡом, еихыкка ирзыҟаҵаӡом, ҳаргьы хдоуҳа ԥсуа иалагоит. Ҳара ҳара ҳахь аихӡыӡаара ааҳмырԥшыр, ҳара Ома ҳцәыӡыр ҟалоит. Зхамацара иатәу ақьырсиан, Анцәа инапы ианиҵаз аус наигӡаӡом. Ақьырсиан бзиабара адоуҳа иаша иҟалар ҳара усҟан ҳаазара, егьырҭ ауаа рахь агәцаракра, ахшыҩзышьҭра ааҳарԥшуа ҳалагоит, Анцәа имаҵуразы ҳҟанаҵоит ҳаӷәӷәаӡа.Kиa 109.3

    Ақьырсианцәа дара-дара анеицу Анцәа ибзиабара азбахә рҳәалозҭгьы, иара убас ахҿыхра иадҳәалоу, акыр иаԥсоу аҵабыргқәа, усҟан ҳара ҳдоуҳа еиҳагьы иӷәӷәахалон, ҳара ҳара анырра бзиагьы ҳзеибауа ҳҟалон. Есымша, Иара илԥха азы аԥсҭазаара аԥышәа ҿыц шьҭкаауа, ҳара иҳалшоит Жәҩантәи ҳаб изы акырза аилкаара, усҟан ҳара ҳаҩнуҵаҟа иара ибзиабара атәы алацәажәаразы агәаҳәара ҳауо ҳалагоит. Убас ҳара ҳныҟәо ҳаналагалакь ауп ҳагәқәа ԥхаза, иҿыхаза ианыҟало. Ҳара ҳхазы имаҷны ҳхәыцуа, Иаса изы еиҳарак ирацәаны ҳхәыцуа, ҳцәажәо ҳаҟазҭгьы, усҟан акырза ихарҭәааны иаҳныруа ҳалагон Иара Иҟазаара.Kиa 110.1

    Иара ҳара ҳахь иааирԥшуа ахылаԥшра ҳалаԥш иҵашәацыԥхьаза Анцәа ихаҭа даҳгәаламшәозар, ҳхәыцрақәа зегьы иара ишҟа ихахон, ҳара Иара изы ажәабжьқәа рҳәара, Ихьз аларҵәара агәырӷьара ҳзаанагалон. Ҳара адгьыл аҿтәи ҳусқәа ҳрылацәажәоит, избан акәзар ринтересс ҳамоуп азы. Ҳара ҳҩызцәа рызбахә ҳҳәалоит, избан акәзар бзиа иаҳбоит дара ҳгәырӷьарақәеи ҳалахь еиқәҵарақәеи рыцеиҩаҳшоит. Ҳара ҳҩызцәа раасҭа Анцәа еиҳа бзиа даҳбалартә еиԥш амзызқәа рацәаны иҳамоуп. Ҳара ҳзы зегьы раасҭа ихадароу акы акәны иҟазар ауп Иара изхәыцра, Иара ипԥха атәы аҳәара, Иара имчра азы ажәабжь аиҭаҳәара. Анцәа меигӡарахда аҳамҭақәа зҳаиҭоз, ҳахшыҩи, ҳагәқәеи дара ирҳәынҷарц азы акәзам, ҳаԥсҭазаара знапы иану даҳхашҭратәы. Ҳара ҳазлабеиақәоу еиҳагьы даҳгәаладыршәалароуп иара, насгьы абзиарақәа зегьы ажәҩан аҟнытә Аҭаҩы ҳара ҭабуп ҳәа бзиабарала ҳаизыҟазаашьа еиҳагьы иҳарӷәӷәароуп. Ҳара адгьыл иаҳәо акыр имцхәны ҳазхәыцуеит. Шәааи ҳалаԥшқәа Анцәа ихьӡ иахылҵуа алашара Иаса ихаҿала илашаза иахьыӡоу ажәҩан аԥшьарҭа ҭыԥаҿы иаарту ашә ахь иҳархап. «иара илшоит еснагь Иара иҿынтә Анцәа иахь инеиуа зегьы реиқәырхара». (Евр. 7:25).Kиa 110.2

    Нас Анцәа «Иара ауааԥсыра рыхшаара рзы игәы аҳалалреи, Иара иус џьашьахәқәеи» (Аԥс. 106:8) рзы ихьӡ еиҳагьы ишьҭаҳхпап. Ҳара хдинхаҵаратә ԥсҭазаара аҳәарақәеи, дара рҭак аиуреи рыла иҟалаӡом ахыркәшара. Ҳара ҳҭахрақәа заҵәык, ҳааҟәымҵӡакәа, рызхәыцра ҳаламгап, иаҳхаҳмыршҭлап, егьырҭ иҳауа абзиабарақәагьы. Ҳара даара имаҷны Анцәа ҳиҳәоит, насгьы зака каӷбеирала иааҳарԥшуазеи иаҳныруа агәаҳәарагьы! Акыр имаҷны ауп иара ҳара иаҳзиухьоу абзиарақәа рыӡбахә заҳҳәо!Kиa 111.1

    Ажәытәан Анцәа аизраилаа имаҵуразы ианеизалакь ирабжьеигон: «Крышәфа иара Анцәа иҿаԥхьа, Шәара Шәынцәа, насгьы шәеигәырӷьала шәара шәнапы иҵаҵыс зегьы рзы, иара Анцәа уара Унцәа иуанеишьаз ала». (Втор. 12:7). Анцәа ихьӡала иҟаҵахо зегьы ҟаҵалатәуп еигәырӷьарала, агимнқәа рҳәарала, гәахәарала, агәырҩеи агәцареи аарыԥшуа акәымкәа.Kиa 111.2

    Ҳара Ҳанцәа згәы разу, иаҳхылаԥшу ауп. Имаҵ аура ҟамлароуп ихьанҭаӡа, гәырӷьала знымԥшуа усны. Анцәа имҵаныҳәара, Иара иусқәа ахы рылархәра - абарҭқәа рҿы ауп ҳара агәырҭәы иаша ахьаҳаԥшааша. Анцәа иҭахзам Иара ихәыҷқәа, зеиқәырхаразы афырхаҵара дуӡӡа ҟаҵаз, адҵақәа рызҭо, алахьҭарақәа рзыҟазҵауа Ақәымчҩы иакәны ихәаԥшлар. Анцәа - ҳара Ҳҩыза иаша иоуп. Анцәа имҵаныҳәара аҽазыҟаҵара ҳаналаго аамҭазы Иара иҭахуп ҳара дҳацзаарц, ҳгәы ҳхаиршҭларц азы, дҳақәныҳәаларц азы, ҳагәқәа гәырӷьарылеи, бзиабарылеи ирҭәларц азы. Ҳaзшаз иҭахуп иара имаҵура Иара ихәыҷқәа рзы еидара хьанҭаны иҟамларц, иара дара агәахәареи агәхаршҭреи рызнанаго. Иара иҭахуп Иара имҵаныҳәаразы инеиуа зегьы ианцо Анцәа иҟаиҵо ахылаԥшреи, абзиабареи рзы хәы змаӡам ахәыцра аҟнытә есымшатәи русуразы амчи, агәлаҟазаара бзиеи роуларатәы еиԥш, Иара илԥха анроулакь, дара ирылшоит ԥсыцқьала, иашарыла аныҟәара.Kиa 111.3

    Ҳара иаҳуалуп аџьар амҵан аееидкылара. Қьырса, икыдҵан иршьыз, изку атемақәа ҟалароуп хҵәажәарақәеи, ҳхәыцрақәеи, зегьы раасҭа акрызҵазкуа. игәырӷьахәу ҳҵәаныррақәа рзы ихыҵхырҭа хаданы. Ҳара иаҳгәалашәалароуп Анцәа иҟнытә иаауа ҳара ҳахь ақәныҳәарақәа зегьы. Ҳара ианаҳнырлакь Иара ҳәаа змазам ибзиабара, ҳара ҳазыхианы ҳҟалоит иҳамоу зегьы знапқәа аҵәымӷ аларҟацаны ҳара ҳзы иҟаҵаз инапсыргәыҵа анҵара.Kиa 112.1

    Абри иаҩызоу Ҳазшази ҳареи ҳаицәажәара иабзоураны ҳагәқәа арехәара амҵәыжәҩақәа реанҵаны ажәҩан ахь ихалоит. Шьхарԥынтә ажәҩан аҿы инхо Анцәа имҵаныҳәоит музыка арҳәо, ашәа ҳәо, ҳара ҳгәаҭа аҵантә Иара аџьашьара иаҳҭо ҳаналагалакь, имҩаԥааго амҵаныҳәара еиԥшхо иалагоит ажәҩантә еибашьрақәа рымаҵура. «Арехәара хақәцагаз иаазго, уи Анцәа ибоит иаҳаҭыр”. (Аԥс. 49:23). Ҳаагылап, нас Анцәа иҿаԥхьа агәырӷьа ԥшьала. Иара иҿаԥхьа ҳхырхәан «ихьӡ ашәала аӡыргаралеи ашәаҳәаралеи». (Ис. 51:3).Kиa 112.2

    Larger font
    Smaller font
    Copy
    Print
    Contents