Loading...
Larger font
Smaller font
Copy
Print
Contents
  • Results
  • Related
  • Featured
No results found for: "".
  • Weighted Relevancy
  • Content Sequence
  • Relevancy
  • Earliest First
  • Latest First
    Larger font
    Smaller font
    Copy
    Print
    Contents

    Хазшаз иҿоуп Агәырӷьара

    Анцәа иишаз ахәыҷқәа Қьырса ихаҭарнакцәа ракәны иҟалароуп, зыԥсҭазаарала Иара иразреи, ирыцҳaшьареи рзы шаҳаҭра зуа. Иаса ҳара Аб иҟазшьазы аҵабырг шаҳзааиртыз еиԥш, ҳаргьы Қьырса дырзааҳартыроуп Иара ибзиабара ҟәымшәышәи, ирыцҳашьареи рзы акгьы ззымдыруа. «Уара Сара сзушьҭыз еиԥш адунеи ахь, - иҳәеит Иаса, - Саргьы убас дара адунеи ахь исышьҭит”. «Сара дара сыргәыҵакуп, Уара Сара... Адунеи, нас иадырааит, Уара шуакәу Сара сзышьҭыз”. (Ин. 17:18,23). Ацҳаражәҳәаҩ Павелгьы Иаса иҵаҩцәа рахь иҩуан: «Шәара шәхаҭарала ишәҳәоит, шәара - Қьырса Исалам шәыҟәқәа шшәакәу”, «ауаԥсыра зегьы зыԥхьаларц зылшо, иаԥхьар еилыркаауа”. (2 Кор. 3:3,2). Ихәыҷқәа азәы цыԥхьаза Иаса салам шәыҟәқәаны ари адунеи иазааишьҭит. Шәара Иаса ишьҭаланы инеиуа шәакәзыр, Шәара шәыла Иара шәҭаацәа рахьи, шәара шәгәылацәа зегьы рышҟа ишьҭоит асалам шәыҟәқәа. Шәара ишәыӷpоу Иаса иҭахуп макьана иара цқьа дыззымдыруа рцәаныррақәеи, рхәыцрақәеи рхырхарҭақәа рдырра. Иҟалап, дара урҭ Абиблиа иамыԥхьозар, мамзаргьы иара абӷьыцқәа рыҟнытә дара рахь ааԥхьара ҟазҵаз ибжьгьы раҳаӡом. Дара Анцәа инапы иҵыҵуа аусқәа рыҟны иаԥшуа абзиабара рбаӡом. Аха шәара - Қьырса ихаҭарнак иаша шәакәзар, шәара шәыла урҭ акыр иазаагатәуп Иара игәыԥшқара аилкаара, урҭ ргәаҭақәа рҿы Иара иахь иҿыхаз абзиабара, Иара имаҵуразы агәаҳәара рцәа ианыруеит.Kиa 113.1

    Ақьырсианцәа рнапы иануп ажәҩaн ахь алашара назго ракәны аҟазаара. Дара адунеи дырлашозароуп Қьырса иҿынтә ироуа алашара. Дара рыԥсҭазаареи рҟазшьеи рыла ауаа ирырҭар ауп Қьырсеи, иара имаҵуреи рзы ииашоу адыррақәа.Kиa 114.1

    Қьырса ишьҭанеи иашақәа иара имаҵура ҟарҵоит агәацхара иаҿны, иара шыҟоу еиԥшҵәҟьа. Згәаҭа алахьеиқәреи, агәахшәареи ҭаџьгәаны иныҟәо згәы намзо, згәы еснагь акалоу, Анцәеи ақьырсиан ԥсҭазаареи рзы ииашам агәаанагарақәа ауаа ирызнаргоит. Дара, Анцәа ихәыҷқәа насыԥ змоу ракәны иҟалар иҭахзам ҳәа, агәаанагара аԥырҵоит, иара абри амц ала Жәҩaнтәи Ҳаб изы шаҳаҭра руеит.Kиa 114.2

    Аџьныш игәы ҭгәырӷьаауа дҟалоит Анцәа иишаз ихәыҷқәа ахамҵареи, агәеибафареи рызнагара анилшалакь. Иара дахгәырӷьаауа дҟалоит Анцәа игәра шаҳамго, насгьы Иара ҳара ҳаиқәырхара дшазыхиоуи, амчрагьы шимоуи рзы агәыҩбара шаҳныԥшуа анибалакь. Иара дгәырӷьоит, ҳара Анцәа иҭаара ҽеи ҳзаанагом ҳәа шәаназхәыцуа. Аџьныш зегьы ҟаиҵоит Анцәа рыцҳашьара ззымдыруа, згәы разым аӡә иакәны дҳарбаразы. Иара аиаша еицеикуеит, Анцәа изы ахәыцра мцқәа ииашам, имцу аилкаарақәа ауаа ирызнеигоит. Ҳаргьы Анцәа ихылҵшьҭроу аҵабырг азхәыцра ахаҭаԥын, лассылассы ҳаанҿаслоит аџьныши, Анцәа ихьӡ зырцәгьои амци ирыдҳәалоу аилкаарақәа рҿы, избан акәзар Иара игәра ҳгаӡом, Иара ҳиқәгәамҵуеит. Аџьныш еснагь иҭахуп иарбанзаалакь акала адинхаҵаратә ԥсҭазаара архәашьра. Иара иҭахуп уи ҟаларц игәыԥҵәаган, ицәгьоу акы акәны. Ақьырсиан ихатәы ԥсҭазаарала адинхаҵаразы абри иаҩызоу агәаанагара шьақәирӷәӷәозар, уи азы ииҭоит ауп ацхыраара.Kиa 114.3

    Ауаа азәырҩы мыцхәгьы иазхәыцуеит рхатәы гхақәа, рхатәы ԥсыҽрақәа, ргәыхшәарақәа. Рыгәқәа хыхәхәала иҭәуеит агәырҩеи, агәкаҳареи рыла.Kиa 115.1

    Сара Европа саныҟаз, ҳаҳәшьцәа руаӡәк лнерв дахыҵны, лгәы ԥыжәжәо ашәҟәы исзылаҩҩыз аҿы дсыҳәоит лгәы сырӷәӷәарц, дсырлахҿыхоит азы. Лысалам шәҟәы ансоу аухаҵәҟьа сахьыҩаиаз, баҳчак аҿы сыҟоушәа, абаҳча аԥшәма симаны уа иҟаз иара амҩахәасҭақәа дырнызшәа ԥхыз избеит. Сара ашәҭқәа ҿысхуан, рыфҩы хаа сгәазхара сафькауан, иара убри аамҭазы, исывагыланы иааиуаз аеҳәшьа ислырбеит аныҟәара иаԥырхагаз ақәыцқәа. Лара лгәы назомызт, дашшуан. Лара ҳамҩанызаҩ дишьҭаланы, амҩахәасҭала дааиуамызт, лара ақәыцқәеи, аӷшқәеи дрылаланы дныҟәон. «абри еиԥш абаҳча ссир, қәыцшәҭла ахаҿы ахьеицаку ирыцҳара дууп», - абас ҳәо дгәырҩон лара. Усҟан ҳамҩанызаҩ абас леиҳәеит: «Урҭ ақәыцқәа наҟ бырҟәаҵ, ахәра бнырҵуеит ауп, уаҳа акгьы. Агәилқәа, алилиақәа, агвоздикақәа ҟәшәала».Kиa 115.2

    Шәара шәыԥсҭазаараҿы иҟазамзи агәырӷьа лашарала иҭәыз аимгеимцарақәа Анцәа имчала шәыгәқәа ҭгәырӷьаауа ианеисуаз? Шәышьҭахьҟа шәанхьаԥшуа, ишәхыжәгахьоу рыҟнытә шәара гәахәарала ишәгәалашәо акгьы ыҟазами? Анцәа ишьҭамҭақәа, афҩы хаа зхылҵуа ашәҭқәа реиԥш, шәылаԥш иҵамшәаӡои шәымҩа шәызқәу аҿықәқәа рыҟны? Шәара ишәҭахымкәа шәыҟоума, урҭ дара рыԥшӡареи, рыфҩы ахаареи шәгәаҭақәа гәырсьарыла идырҭәлар?Kиa 115.3

    Ақәыци амӷи шәара ахәра шәнырҵоит, ахьаа шәырҭоит. Шәара урҭ ҿышәхуазар, насгьы шьоукы ирыдыжәгалозар, шәара шәхаҭақәа шәнапы мап ацәышәкит ауп Анцәа илԥха, иара убас егьырҭгьы шәырԥырхагахоит ауп аԥсҭазаара амҩахәасҭа ианыланы иахьцо.Kиa 116.1

    Иҟәышраӡам угәы иамыхәаша ахҭысқәа иҟаҳҵахьоу агәнаҳарақәа, ҳгәыхшәарақәа ҳгәынкылараҿы рыҵәахра, ес-сымша дара рылацәажәара, рыхьҵәуара агәкаҳара зынӡа иузхаԥаанӡа. Згәы каҳаз ауаҩы амамеиқәара ихатәоуп, иара Анцәа илашара игәаҵахь анеира даԥырхагоуп, егьырҭ ауагьы рымҩа изқәу аҿы агәрамгара рызцәырҵратәы иҟаиҵоит.Kиa 116.2

    Анцәа иҳаҭәеишьаз аминуҭ лашақәа рзы иҭабуп ҳәа иашәҳәала. Ҳгәынкыларaҿы џьаракны еизаагап Иара ибзиабара атәы зҳәо зегьы еснагь ҳалаԥш рхызаарц азы. Ҳизхәыцлап Анцәа Иԥа, заб иаҳра ааныжьны, дзынцәахылҵшьҭроу ауаҩы ицәа ихарԥарала изҵәахыз ауааԥсыра аџьныш иҿынтә рыхьчаразы; ҳазхәыцлап ҳара ҳзы Уи иигаз аиааира, ауаа Анцәа ихьӡ-иԥша Аҳра рбаратәы иҟаларц азы ажәҩан аазыртыз. Иҟарҵахьаз агәнаҳарақәа иахьҭаргалаз ҵа змаӡам атыша аҟнытә еиқәырхаз ауааԥсыра ҳгәалаҳаршәап, Ԥсра зқәым Анцәа иахь иалыршахаз рырхынҳәрагьы, иара убасгьы Анцәа имҩaԥигаз ҳҿыхҩы иазхаҵарала аԥышәарақәа изылшаз раиааира шракәу Қьырса ииашара иалачаԥахо, Иара иаҳра аигәырӷьарагьы зылшо - дара абарҭ аҵабыргқәа ҳрызхәыцларц азы ауп Анцәа ааԥхьара зҳаиҭогьы.Kиa 116.3

    Анцәа ибзиабара агәыҩбара ҳазцәырнаго, иажәақәа рыгәра ҳамго ҳалагар Ицәа ҳарцәгьоит, Аԥсы Цқьагьы игәы иҳархьуеит. Ан лгәы шԥаҟало, лхәыҷқәа ааҟәымҵӡакәа лара ҳaра ҳзы абзиара лҭахӡам ҳәа ашшра ианалаго, арахь лара лымч зегьы еизыркәкәа дара ринтересқәа рыхьчара данашьҭоу, дара анасыԥ рыҭаразы мацара данынхо? Лара лыбзиабара агәыҩбара рынаҭо илбар, лгәы ахәра аннаҵон, ҳәарада. Нас дарбанзаалакь ауаҩы ихы шԥеибоз, ихәыҷқәа абас иара изыҟало иалагар? Ажәҩантә Ҳаб игәы иаанагари нас ҳара ҳзы, ҳара абас Иара ибзиабара агәра ҳамгозар, ибзиабара Иԥа заҵә ицсҭазаара ҳaра ацсҭазаара наунагзала иҳaуразы иԥсы зқәиҵартә иҟазҵаз. Ацҳаражәҳәаҩ иҩуан: «Зԥа имеигӡаз, аха Зԥа ҳара зегьы ҳзы имеигзаз, ҳара Иара ила зегьы ҳаимҭар ҟалома?». (Рим. 8:32). Ус егьа иҟазаргьы азәырҩы ажәала акәымзаргьы, рус ала ирҳәоит: «Ҳазшаз арҭ Сара сзы иҟаимҵеит. Иҟалап, сара сакәымкәа, даеа шьоукы бзиа ибозар».Kиa 116.4

    Абарҭқәа зегьы ҳагәқәа ирԥырхагоуп, избан акәзар агәыҩбара зныԥшуа ажәақәа рҳәара аџьныш ҳара ҳахь дхьанарԥшуеит, анцәаихаҵара иҳамоу еиҳа имаҷхарц азы ҳгәанызарақәа шьақәнарӷәӷәоит, амаалықьцәа ргәы днархьуеит, даргьы ҳара ҳаҟнытә иалагоит аҽыԥхьакра. Аџьныш ҳара ҳԥышәара даналаго агәыҩбара зныԥшуа ажәакгьы шәымҳәалан, мамзаргьы агәкаҳара аашәмырԥшлан. Иара шәлымҳа иҭеиҭәҳәо зегьы рзыӡырҩара шәалагар, шәыхшыҩ зегьы агәрамгареи, агәыԥжәареи рыла иҭәуеит. Абарҭқәа зегьы егьырҭ ираҳәауа, шәара шәхы амацара акәзам шәызԥырхагахо, шәара шәыкәшамыкәша иҟоу ауаа рыхшыҩ иҭашәыҭәҳәоит ԥхьаҟа рыԥсҭазаараҿы ажәла Аша зхылҵуа агәаӷьа. Шәажәақәа иҟарҵо анырра дара ҭазырхо, зыриашара ҟамло акы акәны иҟалар ҟалоит. Шәара иҟалап, уи аԥышәара шәаиааир, аџьныш ииҳаз акаҭа алҵра шәылшар, аха егьырҭ, шәара шәхарала илак-ҩакуа иҟаз, иҟалап, шәара илашәырҳәҳәыз агәыҩбара ахацәгара. Убри аҟнытә акырӡа аҵанакуеит аԥсҭазаареи, адоуҳатә мчреи ауаҩы изҭо заҵәык атәы алацәажәара.Kиa 117.1

    Амаалықьцәа хшыҩзышьҭра аҭаны иазыӡырҩуеит Ажәҩантә ҳарҵаҩы изкны адунеи ахь инажәго аиашарақәа. Нас еиҳа ирацәаны ҳилацәажәалап «еснагь зыԥсы ҭоу Аб иҿаԥхьа ҳаиҭазҳәо”. Шәара шәҩыза аԥсшәа аниашәҳәо шәыгәқәеи, шәҿы иҭыҵуа зегьы Анцәа ирехәарала иҭәызааит. Ус ианыҟалалакь иара ихәыцрақәа хынҳәуеит Иаса ишҟа.Kиa 118.1

    Ауаа зегьы рыԥсҭазаараҿы ианиуеит зыхгара цәгьоу алахьеиқәцагақәа, аԥышәарақәа, зҿаԥхьа ахаанкылара цәгьоу, ухызхуа аҭагылазаашьақәа. Шәгәырҩақәа аԥсра ззыԥшу ауаа ирышәымгалан, аха Анцәа шәанимҵаныҳәо, изаашәырты зегьы. Ԥҟарак аҳасабала шәхы иҭажәгала агәыҩбареи, мамзаргьы агәкаҳареи зныԥшуа ажәакгьы шәыбжьы ҭганы изышәымҳәо ала. Агәыфеи, ақәыргәыӷpеи зныԥшуа шәажәақәа ирыҵаԥеуа даараза ирацәоуп, ауаа рыԥсҭазаара ырлашо, рымч рыӷәӷәo.Kиa 118.2

    Зылшара акыр имаҷу ихызхша даара акыр ирықәыӷәӷәар ҟалоит. Дара рхы изазымиааикәа атәы зҳәо «сара” ҳәа иҟоу аилкаареи: Ас иҟоу рықәԥара уадаҩраҿы ирыцәшәмырӡын ахамчразы ирымоу агәрагара. Ргәы зырӷәӷәаша ажәақәха рыла шәрыцхараала. Убасҟан ауп Иаса илашара шәыԥсҭазаара зегьы ақәҷҷара ианалаго. «Ҳара азәгьы ҳхазы мацара ҳанхаӡом”. (Рим. 14:7). Ҳара зыԥба зынза ҳамбаӡо, аха анырраҟаҵара алзыршо ҳамчра иалшоит егьырҭ ауаа ргәы ашьҭыхра, арӷәӷәара, мамзаргьы, агәкаҳара рызнагара, аҵабырги, Қьырсеи ирцәыхараны иҟалартә еиԥш аусқәа реиҿкаара.Kиa 118.3

    Ауаа аӡәырҩы Қьырса иԥсҭазаареи, иҟазшьеи рзы ииашам агәаанагара рымоуп. Дара ргәы иаанагоит Қьырса згәы аԥхара ахылҵуаз, аԥсҭазаара eигәырӷьоз азәы иакәзамызт ҳәа, Иара иџьбараз, злeишәа цәгьаз, зылахь аӡә иакәын ҳәа. Убри аҟнытә ауп имаҷымкәа аӡәырҩы рқьырсиантә ԥсҭазаара ԥшшәы хәашьыла иҩычаны изыҟоу.Kиa 118.4

    Лассы-лассы ирҳәоит, Иаса дҵәыуон ҳәа, насгьы Уи зньык иадамхаргьы дыччо аӡәы дибахьазма ҳәа. Ииашаҵәҟьаны Хҿыхҩы «Ачымазарақәа зегьы зхызгахьаз, aгәырҩа Аԥшәмара зызнауаз иакәын”. Иара Игәы eснагь иаартын ауаа ргәырҩақәа зегьы рзы. Иара иԥсҭазаара ахы ахашҭреи, аџьабара ауӷәра азуреи, ахылаԥшреи рыла иҭәны ипахәхәӡа ишыҟазгьы, Иара идоуҳа урҭ ирыҵарҟьцны иҟаӡамызт. Ихы-иҿы агәынамӡареи, аџьабареи аныԥшуа иҟаӡамызт, уи еснагь иаҳәоз иҩнуҵҟатәи аҭынчра атәы акәын. Иаса игәы аԥсҭазаара иахыҵхырҭаны иҟан, дахьнеиуазаалакгьы Иара ирызнеигон аҭынчра, агәҭынчра, агәырӷьара, аразҟы.Kиa 119.1

    Ҳҿыхҩы (Ҳаиқәырхаҩы) еснагь ахықәкы змоу, ихәыцуа аӡәы иакәны дыҟан, аха уи ианакәызаалaкь изхалашьцаны, илахь ҵырҟәыҿуа дубомызт. Иара ишьҭазаацәа зегьы рыԥсҭазаара иамоуп ахықaкы, иҭәуп ахатәы ҭакԥхықәра азхаҵара ҵаула ала. Ахыҭҟьара уи иацәызны иҟоуп, алахҿых жәыла ҟалаӡом, иара убас ухьызжәо алафгьы. Иаса идинхаҵара aҭынчра аанагоит, ихәыхәа, ҭынч илеиуа аӡиас иаҩызоуп. Уи агәырӷьара иахарку алашара арцәазом, илахҿыху агәалаҟазаара иақәыӷәӷәаӡом, насыԥ зманы иччо ахаҿы ашәшьыра аханарԥаӡом. Қьырса имаҵ руларц азы акәӡам дзаа, егьырҭ ауаа рымаҵ ауразы ауп; абзиабара иашаҵәҟьа ҳагәқәа рҿы иҟазар Иара ишьҭра ҳақәлоит.Kиa 119.2

    Ҳарa ҳааҟәымҵӡакәа егьырҭ иразым, мамзаргьы ииашам рхымҩаԥгашьақәа ҳрызхәыцуа ҳалагар, усҟан ҳара иҳалшаӡом Қьырса ҳара бзиа ҳшибоз еиԥш, дара бзиа рбара. Ус акәымкәа ҳара ҳхәыцpaқәа зегьы Қьырса ҳара ҳахь имоу аџьашьахә бзиабареи, агәырҩацеиҩшаратә ҟазшьеи ирзаҳкыр, усҟан ҳара иҳалшоит ҳааигәа иҟоу рахь уи еиԥшу адоуҳатә зыҟазаашьа аарԥшра. Ҳара иаҳуалуп ҳхаҭақәагьы иаабо дасу ҳагхақәеи, ҳаԥсыҽрақәеи ҳрызкылԥшуа акәымкәа, бзиа ҳаибабаларц, ҳаҭыр еиқәахҵаларц. Хымԥада, ҳара иҳалаҳааӡалароуп џьоукы рыгхақәа разгәаҭараан ачҳара, аҭамҵара аарԥшра, азыӡырҩра, ахамхаԥагьара. Усҟан ҳара иҳалшоит ҳаҩнуҵаҟа ацәахцәыфареи, ахамхабзиареи рышьра, згәы ҭбаау, абзиа зеиӷьашьара злоу шьоук ҳакәны аҟалара.Kиa 119.3

    Аԥсалмаҳәаҩы иҩуан: «Ҳазшаз уизыԥшны, абзиа ҟаҵала, адгьылаҿы унхала, аҵабырг еиқәырхала». (Аԥс. 36:3). «Ҳазшаз уизыԥшла!” Амш ҿыц цыԥхьаза иацуп ахатәы хьанҭарақәа, уадаҩрақәа, амаҵзурақәа. Ҳара ҳанаиқәалакь, зегьы реиҳа ҳазлацәажәо дасу иаҳхаҳго аџьабааи, ауадаҩрақәеи роуп. Иаԥсаӡам агәхыҭхыҭрақәа шаҟа ҳара иҳазцәырҵуазеи! Шаҟа шәаӡыӡара, гәҭынчымра аныԥшуазеи ҳара ҳаԥсҭазаара! Урҭ убраанза иҳақәыӷәӷәоит, Ҳаиқәырхаҩы гәыԥшқа зынӡа даҳхашҭратә аҟара. Ҳакәша-мыкәша иҟоу ауаагьы ҳара ҳаҳәарақәа азыӡырҩра еснагь иазыхиоу, ҳаамҭа уадаҩқәа раан ацхыраара ҳаҭара зылшо, бзиа ҳазбо, ҳгәырҩa ҳацеиҩызшо Аҿыхҩы дҳамамшәа ихәыцуа иалагоит.Kиa 120.1

    Ауаа аӡәырҩы ишәаԥыр-ҳаԥуа, гәҭынчрада еснагь адәы иқәуп. Усҟан, дара ирызгәаҭом акәымзар, Анцәа ибзиабара атәы зҳәо аршаҳаҭгақәа рыла иҭалаҳаны иҟоуп, рхы иадырхәоит меигӡарахда ироуа аҳамҭақәа. иара иҟаиҵо ақәныҳәарақәа рызгәаҭазом. Дара рыхшыҩ, иааиԥмырҟьаӡакәа гәахәара рызымҭо ахәыцрақәа ирзынхароуп, мамзаргьы, ииашаҵәҟьаны рыԥсҭазаараҿы аҭыԥ змоу, аха рацәак уадаҩра зцым даеа ҭагылазаашьақәак, дара урҭ зегьы ԥхьаҟа ирзыԥшу уадаҩрақәаны иахәаԥшуеит аҟнытә убраанӡа рлакыҵақәа арлашьцоит, рыблахаҵ аргьежьуеит ҳазшаз иҭабуп ҳәа иарҳәаратәы ирзыҟаиҵахьоу аус рацәақәа рызгәамҭо аҟнынӡа инеиратәы. Дара зынио ауадаҩрақәа ацхыраара иҳауо ахыҵхырҭа заҵәы - Анцәа изааигәанатәӡом, агәҭынчымра рызцәырго, ирыцҳахәха, хара иҟәыргоит акәымзар.Kиa 120.2

    Иҳалшома ҳара ари аҩыза агәрамгара аарԥшра? Избан ҳара абас ҳагәрамгацәаны, иҭабуп захьӡу ҳзымдыруа ҳзыҟоу? Иаса - ҳара зегьы иреиӷьу Ҳҩыза иоуп, Ажәҩан зегьы ҳара зегьы рыла ҳаиқәшәара аинтерес рымоуп! Нас есымшатәи ҳаԥсҭазаара аҭынчымрақәеи, аилагьежьрақәеи ҳахшыҩ аҭра иҭдырҟьар, ҳагәқәа еидырсуа иалагар ҳамуроуп! Ус ианыҟамла, ҳара еснагь ҳцәа ҳхыбзаауа, иҟаҳҵо ҳзымдыруа ҳҟазҵаша амзызқәа ҳамазаауеит. Ҳaра хҟамлароуп еснагь акы ҳгәы иаланы, уи ҳара ҳарԥхашьоит, иаҳԥырхагахоит акәымзар ҳԥышәара акгьы иҳахәаӡом.Kиa 121.1

    Иҟалап, шәара аҩнусқәа рыҟны акы шәықәымҿиазара, насгьы цәыӡк шәаур ҟалозар, ԥхьаҟа ԥеиԥш шәымамкәа, имамеиқәараны ижәбозар? Шәгәы зынза икашәмыжьын! Шәусқәа зегьы Анцәа иҟәаҟәа иқәышәҵа, шәара шәҭынчӡа, шәлахҿыхӡа шәҟала! Анцәа агәҟәышра ҳаҭа ҳәа шәиҳәа, цәыӡрада, рыцҳарада шәхатә усқәа ишахәҭоу напхгара рышәҭарц азы! Ишәылшо зегьы ҟашәцала алҵшәа бзиақәа раарԥшразы. Иаса ацхыраара шиаҳҭо иҳәеит, аха ҳаргьы, ҳганахь ала, акыр ҳҽаҳшәалар ауп. Шәара зегьы зымчу Шәыцхыраараҩы наунагӡа игәра хашәҵозар, насгьы ишәылшо зегьы ҟашәҵозар, - ишәылшоит мшәарыда, ԥхьаҟа аԥшра!Kиa 121.2

    Анцәа игәаҳәара Иара иишаз ихәыҷқәа зегьы амаҵура ахьанҭара рыбӷа ақәҵара акәӡам. Ус егьа иҟазаргьы Ҳазшаз ҳара ҳаижьаӡом. Иара ус иҳәазом: «Умшәан. Уара умҩаҿы ишәарҭоу акгьы ыҟаӡам!». Избан акәзар Иара идыруеит ашәарҭарагьы шыҟоу, аԥышәарагьы шыҟоу. Иара уи атәы аартны иҳәоит. Анцәа Ижәлар агәнаҳаи, ацәгьеи ирылганы игаӡом, урҭ идирбоит ауп ишәарҭадоу аеыҵәахырҭа. Иаса Анцәа диҳәон Иара иҵаҩцәа рзы: «Сара суҳәаӡом Урҭ адунеи аҟнытә иугарц азы, ацәгьа иацәухьчарц ауп исҭаху”. (Ин. 17:15). «Адунеи аҟны аџьабарақәа шәымазаалоит, аха шәыҽшәырхаҵала: Сара адунеи саиааит”. (Ин. 16:33), - абас реиҳәон Иара иҵаҩцәа.Kиa 121.3

    Нагорни иуазҳәараҿы Қьырса иҵаҩцәа дырзаԥхьон Анцәа игәрагара ишахәҭоу азы аурок. Арҭ абжьагарақәа хықәкыс ирымаз Анцәа иишаз ахәыҷқәа еснагь агәалаҟазаара рыманы аҟаҵара акәын. Урҭ иахьагьы арҵага рацәеи, агәы ҟаҵага рацәеи ҳара ҳзы иаадырԥшуеит. «Шәырзыԥши ажәҩaн иху аҵарақәа, - даарыԥхьон Иаса ишьҭанеиуаз, - урҭ акгьы ларҵомызт, акгьы рҭәаҭәаӡом, акгьы ҭаргалаӡом; Жәҩантә шәара Шәаб иоуп акрырҿазҵо”. Алада Ҳҿыхҩы дҵаауеит: «Шәара урҭ раасҭа акырӡа шәеиӷьӡами?” (Мф. 6:26). Анцәа дуӡӡа ауааи, аԥстәқәеи дырхылаԥшуеит, Инапы аартны ирымҵеикуеит, иишаз рҭахрақәа наигӡоит. Ажәҩанaҿ иҟоу аҵарақәагьы Иара ирыгым ихылаԥшра. Иара урҭ рзы аартны ахәы ҭеиҵаӡом, аха дара рыԥсҭазаара иаҭаху зегьы аԥхьа згәеиҭоит. Дара ирыҟәшәароуп Иара ирызкеиԥсаз арыцқәа. Дара рыҭра хәыҷқәа рыҟаҵаразы аҳага маҭәахәқәа еиқәдыршәароуп, рыԥқа хәыҷқәа акрырҿарҵалар ауп. Рџьаус нарыгӡоит илахҿыху ашәаҳәарала, избан акәзар «Жәҩaнтә шәара Шәаб дара акрырҿеиҵоит». «Шәара дара раасҭа акырӡа шәеиӷьӡами?” Шәара ишәылшоит ахәыцра, хдыррала Анцәа имҵахырхәара, нас шәара аҵарақәа раасҭа еиҳаӡами шәзыԥсоу? Нас ҳара Ҳазшаз, Ҳахьчҩы, Иара ихаҿра хаҭаны, ҳиеиԥшны Ҳазшаз, зыда ԥсыхәа ҳамам зегьы иҟамлари иаҳзааишьҭыр, ҳара Иара аӡәзаҵәык ида аӡәгьы ҳаниқәымгәыӷуа?Kиa 122.1

    Қьырса иҵаҩцәа хьаирԥшит хабалакь изызҳауа, Жәҩантәи Ҳаб ауаҩы ишҟа имоу абзиабара аазырԥшуа дырга ҷыдак аҳасабала убла хызкуа аԥшӡара заҭәеишьаз адәышәҭқәа рахь. Иара иҳәеит: «Шәахәаԥши, адәышәҭ лилиақәа ишрызҳауа». Зыԥсы ҭоу ашәҭқәа раԥсӡакәакәара акырӡа еиӷьуп Соломон убла хызкуаз иҽеилаҳәара аасҭа.Kиa 123.1

    Зегьы раасҭа убла хызкуа ауаҩытәыҩса иҟазара иаԥнаҵаз ацәҩыча Анцәа иаԥиҵаз ашәҭ иахаҷҷо иԥсабаратәу аԥшӡара зынӡакгьы иузадкылаӡом. Иаса дҵаауеит: «Адәы иқәиаауа ашьац иахьа иҟоуп, уаҵәы ауаџьаҟ иҭажьхар ҟалоит, Анцәагьы убас уеилеиҳәар ауеит, анцәахаҵара маҷны излоу». (Мф. 6:28,30). Шаҟа иҟәымшәышәузеи, шәыга хкы рацәала еилаԥсоузеи Анцәа, Жәҩантә Асахьаҭыхҩы, ҽнак ала иканӡауа ашәҭқәа злаирхиауа аԥшшәхәқәа! Акырӡа еиӷьны дырхылаԥшуама Иара ихатәы хәҿра иаҿырԥшны иишаз ауаа? Қьырса иажәақәа Анцәа имаҷны дхазҵо рыгәҭынчымра, реилахәапашьара, ргәыҩбара рҿаирхьуеит.Kиa 123.2

    Ҳазшаз иҭахуп иишаз ихәыҷқәа иҳәатәхаҵаҩцәаны, аразҟы рыманы ибаларц. Иаса иҳәоит: «Сара сдунеи шәара ишәысҭоит: адунеи шәара ишәынаҭо еиԥш акәӡамкәа, Сара уи шшәысҭо. Иԥхамшьалааит шәара шәыгәқәа, иагьымшәалааит”. «Сара Шәара ишәасҳәеит, Сара сгәырӷьара иҟалоит шәара ишәтәны ҳәа, иара шәара шәгәырӷьара иҟалоит инагӡаӡаны”. (Ин. 14:27; 15:11).Kиa 123.3

    Ҳхазы акалҳгап ҳәа руалԥшьа анагӡара мап ацәкны аразҟы мацара иашьҭалаз, анасыԥ ироуа зыӷәӷәахаӡом, хара изнеиӡом. Иара ииаҟьа ицоит, иашьҭаз ауаҩы алахьеиқәреи, азаҵәреи дырхаанхоит. Анцәа имаҵура агәырӷьареи, агәахәареи узаанагоит. Ақьырсиан деилахәа-еилапашьаны дынхаӡом. Иара иаԥсам агәырҩарақәеи, агәыхшәарақәеи ихы рылеигаӡом. Ари аԥсҭазаарaҿы ҳара иҳалымшаргьы ишаҳҭаху алачара, ԥхьаҟатәи ҳаԥсҭазаарaҿы уи ҳазыԥшо иҳалшоит агәырӷьара.Kиa 123.4

    Абра, ари адгьыл аҟны, ақьырсиан илшоит Қьырса иҿцәажәара иацу агәырӷьара ицәа ианыԥшырц, иара ибзиабара иахылҵуа алашара гәахәарыла адкыла, Иара иҟазаарала еснагь илшоит игәы ихаиршҭларц. Ҳара ҳаԥсҭазараҿы шьаҿашьаҿала ҳаизааигәахо ҳалагоит иара Иаса, Иара ибзиабарала иаҵоу аԥышәа аҵаулара ашьҭкаара ҳалагоит, ҳазааигәахо ҳалагоит хьӡы змоу, иҭынчу Ҳаԥсадгьыл. Убри аҟнытә аԥкра ҳаламгап аҽалаӡҩара ҳазҿыз, аха убри аамҭазгьы, дaҽа аамҭакы еиԥшымкәа, ақәгәыӷpа наӡа ааҳарԥшлар ауп. «Абри аҭыԥаҿы Ҳазшаз иҳаиҭеит ацхыраара, аҵыхәтәанӡагьы иҳаиҭалоит ацхыраара”. (1 Цар. 7:12). Ҳхьаԥшып ҳашьҭахьҟа, иҳаҩсхьоу, Анцәа ацхыраара иҟаиҵози, аӷа инапы аҟнытә ҳхы ҳанақәиҭитәуази уҳәа зегьы еилыкка ианаабоз, хашҭра зқәым ашәышықәсақәа рышҟа. Иаҳгәалаҳаршәалап ҳара иаҳзикуаз амаҵурақәеи, алԥхарақәеи зегьы: алаӷырӡқәа, Иара ирбоз, ахьаақәа, Иара ирҭоз, агәҭынчымрақәеи, агәыҭӡыӡаарақәеи, Иара икаирбоз, амамзаарақәа, Иара ихаирҭәаауаз, ақәныҳәарақәа, Иара ҳара иҳақәиԥсоз. Абас ала, ҳара ҳамчра ҳарӷәӷәап, ҳгәырҩaмҩа ҳазқәу иаанхоз анысразы.Kиa 124.1

    Ҳара ҳазымхәыцыр ҟалаӡом ԥхьаҟа иаҳзыԥшу ақәԥара иацу ауадаҩрақәа. Аха, иҳаҩсхьоу ҳазхьаԥшуа, ԥхьаҟагьы ҳнаԥшуа, ҳара иҳалшоит абас ҳҳәарц: «Абраанӡа ацхыраара ҳаиҭоит ҳара Ҳазшаз! Умшқәа ишрыцло еиԥш, уара умазарагьы иазҳалааит!” (Втор. 33:25). Ҳамч зқәымхо аԥышәагақәа Анцәа иаҳзааишьҭӡом. Убри аҟнытә ҳара зегьы дасу ҳҭыԥқәа рыҟны аус ҳаулароуп, егьа уадаҩра ацзаргьы ҳԥышәара, иара ҳхаҳгаратәы еиԥш амчрагьы шҳауа агәра хаҵо.Kиa 124.2

    Иаарласны Анцәа иишаз ахәыҷқәа рзы иаатуеит ажәҩан агәашәқәа, усҟан дара ираҳауеит зегьы раасҭа иԥшӡоу, ахьӡ-аԥша амузыка еиԥш зеиԥшу, Аҳ иқьышә иахышәшәо ақәныҳәара иатәу ажәақәа: «Шәааи, Сара Саб дзықәныҳәаз, имажәда Аҳра, адунеи ашара аахыс шәара шәзы иҟоу ишаны”. (Мф. 25:34).Kиa 125.1

    Усҟан иҿыхны иҟоу гәыҭбаала ирыдыркылоит Иаса дара рзы ирхианы имоу анхарҭaҿы. Дара уаҟа зцынхара иалаго, гәнаҳaла иҭәыз адгьыл аҟны изланхоз хараӡа иреиԥшхаӡом. Уаҟа иҟаӡам ашарамшара, ахьымӡӷ, амц, амцмаҵура. Еиқәырхаз Ирыҿцәажәалоит аџьныш ииааины, Анцәа илгҭха амчала аҟазшьа нагӡаӡа иазыназаз ауаа. Иарбанзаалакь гәнаҳарак азхьаԥшра, иарбанзаалакь цқьа ииашамкәа иҟоу, дара иахьа агәырҩа рзаазго Қьырса ишьала иҟалоит раԥыхра. Дара Иара икаҷҷара ахьчаркыра рызшахоит, амра акәалыкәаџьара аасҭа акыр еиҳау. Дара ирынҷҷало иалагоит ауаҩышәара аԥшзара, Қьырса иҟазшьа анагӡаӡара, адәахьтәи ахазынара хызҽуа. Гәнаҳа змам реиԥш даргьы Анцәа ду итәарҭа аԥхьа иаагылоит, амаалықьцәа рымчахареи, ирымоу аԥыжәарақәеи рыцеиҩшо.Kиa 125.2

    Аҭынха џьашьатәы, иара изыԥшу, лаԥшықәҵауа, «иарбан ҿыхгаԥсоу ауаҩы иишәарц илшо иара иԥсы азы?». Иара дӷарзар ҟалоит, аха илшоит адгьыл иалымшаз иҭара аҩнуҵҟатә беиареи, аҳаҭырқәҵареи абраҟа арҳара.Kиa 125.3

    Агәнаҳа зхыххаз, ирыцқьахаз, зымчра абзиарақәа зегьы Анцәа имаҵура иазкыз Аԥсы хәы амаӡам ажәҩан аҿаԥхьа. Анцәеи, амаалықь цқьақәеи, ажәҩани зегьы агәнаҳа зхыхра алшахо Аԥсқәа зегьы рзы игәырӷьоит аиааира дуӡӡа иазку ашәа ԥшьақәа ирныԥшуа агәырӷьарала.Kиa 125.4

    * * * * *

    Larger font
    Smaller font
    Copy
    Print
    Contents