Ҳарa Қьыpса итәқәа ҳақәҵәҟьоума?
Қьырса ишҟа амҩа
- Contents- Анцәа ауaa рахь ибзибaра
- Агәнаҳаҟаҵаҩы Аҿыxҩы Ида ԥcыхәа Имам
- Аxьxәра Анцәа иахь аxынxәpа
- Аxaра азхаҵара
- Азкра
- Адинxаҵареи иара азнеиреи
- Ҳарa Қьыpса итәқәа ҳақәҵәҟьоума?
- Ԥсыxәас ирымоузеи нас агәыҩбарақәа?
- Қьырса ила аизҳара
- Ҳара ҳусқәеи ҳаԥcҭaзaapeи
- Анцәа идырра
- Аныҳәара аԥыжәара
- Хазшаз иҿоуп Агәырӷьара
Search Results
- Results
- Related
- Featured
- Weighted Relevancy
- Content Sequence
- Relevancy
- Earliest First
- Latest First
- Exact Match First, Root Words Second
- Exact word match
- Root word match
- EGW Collections
- All collections
- Lifetime Works (1845-1917)
- Compilations (1918-present)
- Adventist Pioneer Library
- My Bible
- Dictionary
- Reference
- Short
- Long
- Paragraph
No results.
EGW Extras
Directory
Ҳарa Қьыpса итәқәа ҳақәҵәҟьоума?
«Абас ала Қьырса иҿы иҟоу, ҿыц ииз роуп; ажәытәра ииаӡӡааит, шьҭа иҟоу зегьы ҿыцроуп». (2 Кор. 5:17).Kиa 57.1
Зны-зынла ауаҩы илшаӡом Қьырса иахь ааԥхьара аныҟаиҵаз аамҭеи, аҭыԥи рҳәара, мамзаргьы уи аҭагылазаашьа иазԥхьанеиуаз зегьы ргәалашәара. Аха уи иаҵанакӡом иара иахь дымхынҳәӡеит ҳәа. Қьырса Никодим иеиҳәеит: «Адоуҳа (даҽа еиҭагак аҿы - «Аԥша асуеит) иахьаҭаху, аԥсы ҭоуп, абыжьгьы уаҳауеит, аха иуыздыруам, иахьынтәааирц алшо, иахьцо: абас рыхьлоит Адоуҳа иахылҵшьҭроу дарбанзаалакь». (Ин. 3:8).Kиa 57.2
Анцәа Идоуҳа ауаҩы игәахьы иҟанаҵо анырра аԥша ахьырсра иаҩызоуп. Ҳара иаабаӡом аԥша, аха аҟазаара ҳцәа ианыруеит. Ауаҩы ибла иамбо аиҭаҿиаратә мчра аԥсҭазаара ҿыц ахыҵхра алгаршоит. Иара Анцәа ихаҿсахьа змоу ауаҩы ҿыц дашоит. Аԥсы Цқьа аус ауеит ҭынч, иузгәамҭаӡо, аха Иара аусура алҵшәақәа убарҭоуп. Анцәа Идоуҳалa ауаҩы игәы еиҭарҿыцхаз, хымԥада, ацсҭазаараҟны уи аныԥшуеит. Ҳара ҳхәҿы аԥсахразы, мамзаргьы Анцәa иқәшаҳаҭра азааираҿы акымзаракгьы аҟаҵарa ҳалшаӡом, ҳхамацара, мамзаргьы ҳус бзиақәa рықәгәыӷpа ҳалагар ҟалаӡом, аха Анцәа илԥха змоу аусқәа ҳара ҳала иҟалар рымҩаԥгара, уаҩы имбаратәы аҵәахра залыршахаӡом. Ҳҟазшьаҿы, ҳашьцыларақәа рыҟны, ҳусқәа рыҟны иубаратәы аԥсахрақәа ҟалоит. Ауаа ирбо иалагоит ԥасатәии, аԥсҭазаара ҿыци реиҿагылара џьашьахәы.Kиa 57.3
Ауаҩы иҟазшьа убаратәы иаатуеит иаалырҟьаны иҟаиҵо аус бзиақәеи, аус цәгьақәеи рыҟны акәымкәа, есымша ииҳәо, ииуа, иԥсҭазаара азеиԥш хырхарҭа азҭо рыҟны.Kиa 58.1
Ауаҩы ихымҩаԥгашьа уахьахәаԥшуа зегьы бзианы иҟоушәа иубар ҟалоит, Қьырса илшара иҟанаҵо аиҭарҿыцра зынӡагьы ианымԥшуа. Уи ус иҟоуп. Ҳакәша-мыкәша иҟоу рахь анырра аҟаҵареи азеиԥш ҳаҭырқәҵара аиуреи рзы иҳамоу агәазыҳәарақәа ҳхы бзианы имҩԥаҳгаратәы ҳҟарҵоит. Ахҳаҭырқәҵара иҳамоу аус хәымгақәа рыҟаҵара ҳацәырыхьчоит. Зхада аӡәгьы дызҭахымгьы илшоит аус бзиақәа рыҟаҵара.Kиa 58.2
Ус анакәха, излаҳдыруазеи абзиара ашҟа акәу, ацәгьа аганахь акәу ҳара ҳахьыҟоу? Изтәыда нас ҳара ҳагәқәа? Ҳахшыҩзцарақәа ирымада ԥшәымас? Дарбану зыӡбахә ҳара бзиа иаабо аҳәара? Иззынархада ҳцәанырра ахаарақәа зегьы, изаҳҭода ҳара ҳамчрақәа?Kиa 58.3
Ҳара Қьырса итәқәа ҳакәзар, Иара ҳизхәыцлоит гәахәарала. Ҳара Иара ҳхаҭақәа иаҳҭоит, иара убас иҳамоу иҳахӡу зегьы. Ҳара иҳамоуп агәаҳәара ду Иара ихаҿсахьа аарԥшразы, Иара Иԥсы иаҭаху аҟаҵаразы, Иара игәаҳәара арҿиаразы, Иара зегьы рыла ииҭаху аҟаҵаразы.Kиa 58.4
Дарбанзаалакь Иаса Қьырса ибзоурала ҿыц eиҭeиз иԥсҭазаарaҿы иалагалахоит Адоуҳа ашьҭpaқәa: «Абзиабара, агәырӷьара, аҭынчра, aкpычҳараақьиара, абзиара, адинхаҵара, амaалықьра, aҿынкылара”. (Гал. 5:22,23). Арҭ иpeиԥшу ауаа уаанӡатәи рхәымгарақәа уаҳа акгьы pанарыжьӡалом, Анцәа Иԥа дазхаҵо ишьҭа ихызаауеит, Иара иҟазшьа иаҿыԥшуа, рыҽрыцқьауа, Иара иеиԥш иҟаларц даргьы ицқьаӡа. Уаанӡа ирбар иҟамлоз, уажәы иргәаԥхо иалагоит, уаанӡа бзиа ирбоз - зынӡа ирцәымӷхо иалагоит.Kиa 59.1
Аԥагьаҩцәеи, зхы зԥызаны иҟоуи гәылаԥсыла иҭынчӡа, ираҳаҭӡа иҟалоит, иԥаҟь-ԥаҟьои, зхы мҵы ықәызмыртәози иҭышәынтәалоит, ахырҽхәара иаҟәыҵуеит. Аҩыжәцәа ажәра иаҟәыҵуеит, акалҭ ласцәа ицқьаҩцәаны, рқьабзқәеи, ргьамақәеи мап рцәыркуа иалагоит. Ақьырсиан ихо иалагоит «амаҭәа архиашьа» акәымкәа, «агәыхазына змоу ауаҩы ԥхасҭара зқәым, зышьҭыбжь ыҟам идоуҳа иамоу аԥшӡара». (1 Петр. 3:3).Kиa 59.2
Ахаразхаҵара, ахара ахахьы агара ҟалеит гәаартыла ҳәа аҳәара иашахаӡом, иара иашьҭамнеиуазар аҿыриашара. Агәнаҳаҟаҵаҩаы иигаз ауал анирхынҳәы, ииӷьычыз аниргьежьы, игәнаҳарақәа ртәы аартны ианиҳәа, Анцәеи, икәша-мыкәша иҟоуи бзиа ибо даналага, ҿа ӷәӷәала иҳәарц илшоит аԥсра аҟнытә схынҳәит ҳәа аԥсҭазарахь.Kиa 59.3
Ҳҟьаларақәҽи, иҟаҳҵахьаз агәнаҳарақәҽи азхаҵаны Қьырса ишҟа ҳаннеилакь, ҳара иҳауеит аҭамзаареи Иара илԥхеи, ҳагәқәагьы бзиабарала иҭәуеит. Иарбан қәыӷәӷәаразаалакгьы ахьанҭара ҳныруа иҟалаӡом, избан акәзар Қьырса иҟаиҵо ақәҵа ласуп, ихьанҭаӡам. Ауалԥшьақәа гәырӷьаган иҟалоит, axы мап ацәкны уи амаҵ аура - гәырҭәыганы. Уаанӡа aшәeиқәара зхарԥаз амҩа Аиаша азхаҵара Амра ашәахәала ирлашахоит.Kиa 59.4
Қьырса иҟазшьа ахазынарақәа убо иалагоит Иара ишьҭанеиуа рыҟны. Иаса дгәырӷьаҵәа инаигӡон Анцәа игәаҳәарақәа: Иара иусқәа зегьы изырҟаҵоз Анцәа иахь имаз абзиабареи, Иара ихьӡ аларҵәаразы имаз агәаҳәара дуи ракәын. Уи абзиабара Иарa ихымҩаԥгашьақәа зегьы агәыкреи, ацәа ҷыдеи аханаҵон. Абзиабара Анцәа иҟнытә иаауеит. Уи иалшаӡом илашәу агәаҿы аҿыхара. Иара ыҟоуп Иаса аҳра ахьиуа хабалакь: «Иара бзиа даабалап, избан акәзар Иара аԥхьа ҳара бзиа ҳаибеит”. (1 Ин. 4:19).Kиa 60.1
Анцәа илԥхала иеиҭеиз агәаҿы абзиабара ауп амчраҿ зегьы ҳәаақәызҵо. Иара аҟазшьа аԥсахуеит, агәаҳәарақәа напхгара рынаҭоит, ацәанырра еиқәнартәоит, аиӷара армчыдоит, ацәаныррақәа агәыӷpа рханаҵоит. Ари агәаҿы зыԥсы ҭоу абзиабара ауаҩы насыԥ иман дҟанаҵоит, ааигәасигәа иҟоу зегьы рахь анырра бзиа рызнауеит.Kиa 60.2
Иҟоуп Анцәа иишаз зегьы, еиҳарак Анцәа илԥха ахаҵара иналагаз рхы зцәырыхьчалаша ҩшәарҭарак. Зегьы раԥхьа, хыхь ишҳәаз еиԥш, Анцәа иқәшаҳаҭхара ҟалоит ахатәы усқәа рыла ҳәа азгәыӷpа ҟалаӡом. Азакәан ақәныҟәара ахатәы мычқәа рыла аԥшьара алыршара зҽазызкуа аманшәалара ицааиуа изыҟалаӡом. Қьырса изхаҵарада ауаҩы иҟаиҵо зегьы ахамхабзиареи, агәнаҳаҟаҵареи рыла иҟьашьхоит. Адинхаҵара иҳанаҭо Қьырса илԥха заҵәык ауп изылшо ҳара иԥшьоу уаақәаны ҳаҟаҵара.Kиa 60.3
Қьырса иазхаҵара ауаҩы Анцәа Изакәан ақәныҟәара аҟнытә ихы дақәиҭитәоит ҳәа иҟоу агәаанагара еиҳагьы ишьақәҟьоу акы акәны иҟоуп, иара убас динхаҵарала Қьырса Илԥха зауз ҳархыԥхьаӡалоуп аҟнытә ҳара ҳусқәа иарбанзаалакь акала ҳҿыхра иадҳәаланы изыҟалаӡом ҳәа иҟоу агәаанагарагьы.Kиa 60.4
Аха хшыҩзышьҭра ашәҭар ишәымбарц зaлшом, азыӡырыҩра - аформалтә ҟазшьа змоу дҵак анагӡара шакәым, абзиабара иунарҟаҵо маҵураны ишыҟоуАнцәа Иԥҟарақәа иаадырԥшуеит Иара Инцәара иахыпҵшьҭроу аԥсабара. Иара абзиабара дyӡӡa апринцип иахылҵыз ауп, убри азы ауп адгьыли aжәҩани Анцәа имчала напхгара аҭара шьаҭас изаиузгьы. Ҳара Анцәа ицырҟьақәа ҳакәзар, хгәаҭақәа рыҟны иҟазар Анцәа хшаратә бзиабара, нас ҳаpa иҳаԥсабараны изыҟамларызеи Анцәа Иԥҟара ақәныҟәара? Ауаҩы игәы бзиабарыла ианҭәу, иара дызшаз Анцәа иҿырԥшны ианыҟала еиҭеира инагӡахоит иара изы Ааԥхьара Ҿыц: «Сара сыԥҟарақәа ргәаҭақәа рыҟны иҭасҵоит, рхәыцрақәа рыҟны иагәылыҩны иҟасҵоит”. (Евр. 10:16). Аԥҟара агәаҿы иҭаҩзар, уи аԥсҭазаара иазнамуӡои анырра? Абзиабарала азыӡырыҩра, амаҵуреи Қьырса ушитәу атәы зҳәо дырга иашоуп. Аҩыраҿы иҳәоуп: «Анцәа иахь иҳалоу абзиабара ауп Иара иуасиаҭ ҳақәныҟәаратәы иҟазҵо»; «Сара иара дыздырт” зҳәо, аха Иара иуасиаҭқәа ирықәымныҟәо, уи дмыцҳәаҩуп, уи иаша далаҟаӡам”. (1 Ин. 5:3; 2:4). Адинхаҵара ауаҩы азыӡырыҩра аҟнытә ихы дақәиҭнатәӡом. Азыӡырыҩрразы амчра ҳазҭо Қьырса Илԥха иара ҳаднаԥхьалоит.Kиa 61.1
Ҳара иааҳарцшуа азыӡырыҩрала ахҿыхра ҳаԥсахаратәы иҳалшаӡом аҟаҵара. Анцәа ус мала ахҿыхра ҳаҭәеишьеит, адкылара алыршахоит динхаҵарала. Азыӡырыҩра адинхаҵара иахылҵыз патҟәыруп. «Ижәдыруама шәара, иара ҳагәнаҳарақәа зегьы ихахьы игарцаз дшылбааз, насгьы Иара гәнаҳара шимам. Дарбанзаалакь иара ицәа иҭаӡахьоу гәнаҳара ҟаиҵарц дыҟаӡам; дарбанзаалакь агәнаҳа ҟaзҵo Иарa дзымбaци, дыззымдырыци роуп”. (1 Ин. 3:5,6). Абасала ҳабзиабара иҟалоит аԥышәара. Ҳара иҳалшар Қьырса ицәаҟны аҟазаара, ҳгәаҭәҿы Анцәа ибзиабара аԥсы ҭазар, «ҳцәаныррақәеи,Kиa 61.2
ҳхәыцрақәҽи, ҳхықәкқәеи, ҳхы мҩаԥгашьақәҽи Иарa иԥшьоу иԥҟараны иаарԥшу Анцәа игәаҳәара иақәшәо иҟалоит”. «Ахәыҷқәа! Аӡәгьы шәара шәхыхрa илшаӡом. Аиаша ҟазҵо, уи диашамҩаԥгаҩуп, Иарa аиашамҩаԥгаҩы иеиԥшцәҟьа». (1 Ин. 3:7). Аиашамҩaԥгара шәагас иамоу Синаи иҳәаз Жәа Уасиаҭк рыла ишьақәгылоу Анцәа Иԥшьоу Изакәан ауп.Kиa 62.1
Анцәа имаҵура аҟнытә ухы уақәиҭызтәуа ҳәа ззырҳәо Қьырса иазхаҵара уи динхаҵараӡам, уи хамхаԥагьароуп. Адинхаҵара аҟнытә иҟалеит шәара лыԥхала шәҿыхра (шәеиқәырхара). Аха «адинхаҵара аус аҿы ианыҟамла аарԥшра, уи ихала иԥсу акы иаҩызоуп». (Еф. 2:8; Иак. 2:17). Адгьыл ахь дылбаанӡа Иаса иҳәеит: «Сара исҭахуп уҳәатәы анагӡара, Сара Сынцәа, сара сгәаҿы иҟоуп Уара Уԥҟара”. (Ԥс. 39:9). Ажәҩанахь ихагалара рацәак шагымыз Иара иҟаицеит алаҳәара: «Сара сықәныӷәон Саб иуасиаҭ, сара Иара ибзиабара салаҟоуп». (Ин. 15:10). аҩыраҿы абас ҳәоуп: «Ҳара иара дзахдырыз ҳаилзыркаауа Иара иуасиаҭ ақәныҟәара ауп... Иара ицәaҿы сыҟан зҳәо, иара ихымҩаԥгашьа еиԥш иҟалароуп ихымҩаԥгашьа». (1 Ин. 2:3-6). «Избан акәзар иара Қьырсагьы Ишьаҭа ҳақәларц азы ихигаз агәырҩа ҳзаанижьит иҿырԥшыганы”. (1 Петр. 2:21).Kиa 62.2
Наунагӡатәи аԥсҭазаара аиуразы ҳара раԥхьаӡатәи ҳхылҵшьҭра Џьанаҭ ианҭаз агәнаҳa ҟарҵаанӡа иҟаз аԥҟара ауп иахьагьы иҟоу - Анцәа иԥҟара инагӡаӡаны адкылара, аиашацқьеи. Наунагӡатәи аԥсҭазаара аиуразы ари еиҵоу ԥҟарак азыӡбазҭгьы Адунеи зегьы ашәарҭа иҭанаргылон. Ҵыхәыԥҵәара зқәым арыцҳарақәеи, агәырҩеи зцу агәнаҳараҟаҵара еснагь аҟазаара иҟалар алшон ашьақәырӷәӷәара.Kиa 62.3
Адам агәнаҳа ҟаиҵаанӡа Анцәа Иԥҟарa ақәныҟәарала илшон аҟазшьа иаша ашәрa aлыршара, аҟазшьа иаша арҿиара. Аха иара дымцеит yи aмҩала. Иара иҟаиҵаз агәнаҳа ҳара иҳазыннажьит агәнаҳаҟаҵареи, аҵахь ацареи рцәаҩа, убри аҟнытә ҳapa ҳхала иҳалшаӡом аиашамҩаԥгаҩцәаны ҳхала aҟалара. Ҳаpa ҳаԥхасҭареи, ҳагәнаҳарақәеи иpыхҟьаны ҳара иҳалшаӡом иԥшьоу аԥҟара инҭарҳәцааны анагӡара. Ҳара иҳaмаӡам Анцәа Иԥҟара азыҳәарақәа назыгӡаша ахатәы иашаҳәашьа. Аха Қьырса ҳара иаҳзааиртит ҳаиқәзырхаша (ҳҿызхша) амҩа. Иара дынхон адгьыл аҿы ҳара иаҳԥыло аԥышәарақәеи, ахыхгақәеи зегьы рыгәҭа, аха Иара иԥсҭазаара гәнаҳара ацӡамызт. Ҳара ҳзы иара дыԥсит, иахьа Иара имоуп агәаҳәара агәнаҳарақәа рыҟнытә ҳхы ҳақәиҭтәны, Иара ииашара ҳаҭара. Шәара иара инапы шәҽанышәҵар, Иара Шәҿыхҩы иакәны дшәыдышәкылар, иҟашәҵахьоу агәнаҳарақәа аламҵаӡакәа, Иара ибзиарқәа ирыбзоураны аиашамҩаԥгаҩы ҳәа шәрыԥхьаӡо иалагоит, Қьырса иҟазшьагьы шьҭышәхуеит. Адунеи ахаангьы гәнаҳа ҟашәымҵаӡацызшәа Анцәа шәара шәидикылоит.Kиa 62.4
Уи адагьы Қьырса агәқәагьы иԥсахуеит; Иара игәра шәган азы шәгәаҭа аҟны уи анхара далагоит. Шәара ишәылшароуп адинхаҵарала Қьырса иахь иҟоу ари аимадара напы адкылара, иааиԥмырҟьаӡакәа ахатәы гәаҳәарақәа Иара инапахьы аиагара. Ари аҭагылазаашьaҿы ишәылшар аҟазаара, Иара шәара шәҿы ирҿыхоит «Илԥха зцу аҭахрақәеи, аусурақәеи». Убри аҟнытә шәара ишәылшоит абас аҳәара: «Изакәуи иахьа сара сцәaҿы аҭанхара, сара сынхоит бзиа сбаны сар сзы зхы зҭииз Анцәа Иԥа иазхаҵарала». (Гал. 2:20). Иаса Иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Шәара шәакәӡам ицәажәараны иҟoy, шәара шәыхьӡала ицәажәоит шәара Шәаб Иԥcы». (Mф. 10:20). Усҟан анырра шәзызуа Қьырсеи шәареи ишәылшо шәҟалоит уи адоуҳа амчра ду аарԥшны аус ҳалалқәа рыҟаҵара - аиашаҳәареи азыӡырыҩреи ирыдҳәалоу аусқәа.Kиa 63.1
Абасала, ҳaра ҳазлаҽхәаша ҳәа акгьы ҳалаҟаӡам. Ҳхы ашьҭыхра ҳалзыршаша имаҷӡоу акы акәзаргьы иҳамаӡам. Гәыӷpа заҵәыкс иҟоу - ҳарa иҳаҭәашьоу Қьырса ииашаҳәара ауп, иара убас Иарa Идоуҳа ҳара ҳахьи, ҳара ҳалеи иҟанаҵо аныррa иалҵшәоу аиашаҳәарагьы.Kиa 64.1
Адинхаҵара аӡбахә анаҳҳәо, ҳара хымԥада иаадыруазар ауп: аимак зхылымҵуа афактқәа рыдкылара адинхаҵара иатәуп ҳәа аҳәара иашаӡам. Зегьы зымчу Анцәа иҟазаара, Иара Иажәа аҵабыргра - урҭ аҩсҭааи иара иқәԥареи мап ацәкреи амакреи рылзыршо фактқәоуп... Абиблиа иаҳәоит: «Аџьнышқәаҵәҟьагьы ихарҵоит, ишәаӡыӡуеит». (Иак. 2:19). Аха ари Анцәа ҳара ҳаҟнытә дзызԥшу динаҵараӡам. Адинхаҵара иаша ахы аанарԥшуеит абзиабарaҿы, иарыцқьоит аԥсы - ари Анцәа иажәа ахаҵара мацара акәӡам, ари иара иҳәатәы ацныҟәара, игәы зыҭҟәаз, дыздызҳәалаз наунагӡа аҽиҭара ауп. Ари еиԥшу адинхаҵара ауаҩы еиҭеира, игәаҿы анцәа ихаҿсахьа аиҭашьақәыргылара иацхраауеит. Уаанӡа ауаҩы анцәа Иԥҟара дацныҟәаӡомызт, ацныҟәарагьы илшаӡомызт. Аха уажәшьҭа ауасиаҭ ԥшьақәа иара ддыргәырӷьоит, аԥсалмаҳәаҩцәа абас иара аарыцҿиҭоит: «шаҟа бзиа избозеи сара Уара уԥҟара! Амш зегьы иара азхәыцра саҿын!». (Ԥс. 118:97). Уажәшьҭа аԥҟара иаша азыҳәарақәа ҳара «цәала-жьыла акәымкәа, доуҳала” инхо ҳаҩныҵаҟа иҟалоит рынагӡара.Kиa 64.2
Иҟоуп зегь уаназыжьуа Қьырса ибзиабара зцәа ианырхьоу, гәы ҭыӷьӷьаала Анцәа иԥҳара, ма иҵеира зҭаху. Аха дара ирбоит ирыгу - ирыбзоу, рхатәы еизҳара намыгӡара, убри аҟнытә урҭ рыгәқәа Аԥсы Цқьала иҟалаша реиҭаира ҳәа ирымоуп агәыбжьажьара. Урҭ реиԥш иҟоу сара исҭахуп иpасҳәарц: «Шәгәы шхәымшьҭын!” Ҳара ԥхьаҟа изныкымкәа Қьырса ишьапы ҳҽаҵажьны иаҳҵәыуаларц ҳaҟоуп ҳхатәы гхақәеи, ҳaцәыхҟьарақәҽи. Аха ҳара ҳгәы цар ҟалаӡом. Аӷа аиааира игаргьы, ҳара Анцәа ҳаанижьӡом, изқәа ҳаиирхаӡом. Мап, Қьырса Иҳақәиҭу иҿаԥхьа дгылоуп ҳаpа ҳхьаршшаауа. Бзиа иибаз аҵаҩы Иоанн иҳәоит: «Сара шәара шәахь ари сыҩуеит шәара гәнаҳaрак ҟашәымҵарц азы, иара ус аӡәы гәнаҳарак ҟаиҵазаргьы, ҳара Ҳаб иҿаԥхьа дҳaмоуп Ахьаршшаҩы, Аиашаҳәаҩы Иаса Қьырса”. (1 Ин. 2:1). Насгьы ишәхашәмыршҭын Қьырса иажәақәа: «Аб ихаҭа шәара бзиа шәибоит». (Ин. 16:27). Иара иҭахуп иара ицқьареи, иԥшьареи шәара ишәныԥшырц азы Шәара шәыҩнуҵаҟа ихaҿы аиҭашьақәыргылара. Шәара иара аҽиҭара шәылшар, зыҟалара иалагаз шәус ҳалалқәа мҩаԥыслоит Иаса Қьырса еиҭалбаара амш әҽнынӡа.Kиa 64.3
Шәазхыбаауа аҟынӡа Анцәа шәиҳәала, адинхаҵара шәгәaҿы ишьақәшәырӷәӷәала! Ҳхатәы мчы алшара ҳгәы анацәца, Ҳҿыхҩы, Ҳаԥсы Аиқәырхаҩы имч агәра ҳгап, Иара ихьӡ азҳарҳап.Kиa 65.1
Қьырса шаҟа шәизааигәахо аҟара, шәҟазшьа иамоу аԥсыҽрақәа еиҳа ижәбо шәалагоит, избанзар шәдоуҳа аблақәа аҵырра иацлоит. Иара инагӡаӡара иаҿырԥшны уанахәаԥшуа ҳара ҳаԥсыҽрақәа еиҳа еилыкка иубо иҟалоит. Уи иаҳәо аҩсҭаа ҳхыхразы имаз амчра ԥсыҽхо иалагеит ауп, Анцәа Идоуҳа иҟанаҵо анырра аԥхаԥсы шәара иаҿуп шәырҿыхара.Kиa 65.2
Иҟаиҵахьоу агәнаҳақәа азхазымҵо ауаҩы имаӡам Қьырса иахь абзиабара ҵаула. Қьырса илԥхала еиҭеиз агәы еснагь дахгәырӷьаалоит Иара Инцәахылҵшьҭроу иҟазшьа. Аха ҳара аԥхасҭара амҩа ИҚӘy ҳуаҩышәара ҳамбо ҳҟалазар, уи иаҳәо акы ауп гәыҩбарада - ҳара макьана иҳаздырӡом Қьырса иҟазшьа аԥшӡареи, анагӡаӡареи.Kиa 65.3
Ҳара ҳхы азԥагьара, аҳaракра шаҟа еиҵаҳкуа аҟара пагу ақәаҳҵо, ахә ҳaракны иаҳшьо ҳaлагоит ҳҿыхҩы зеиҭаҳәара алымшо ицқьареи, игәыкреи. Агәнаҳа азхаҵара ҳнанагоит Иара еснагь аҳaнажьра зылшо ишҟа. Зымчыдара зцәа ианырыз агәы Қьырса иԥшаара ианалаго аамҭазы Иара имчра зегьы иалагоит изаатра. Ҳара шаҟа иӷәӷәаны Иареи Анцәа Иажәҽи рыда ԥсыхәа шҳaмам ҳцәа ианыруа аҟара Иара иҟазшьазы ҳaра иҳауо ҳaлагоит агәаанагара ҳаракы, еиҳагьы ихарҭәааны иаабо ҳалагоит Иара ихaҿра.Kиa 66.1